Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габлиа адистанциатә ҵаразы: изаҳӡои, даара ауадаҩрақәа ацуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитрий Габлия
Дмитрий Габлия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араионтә школқәа дистанциала аҵара рхы ишадырхәаз, насгьы ашколтә программа ахьӡаразы иарбан ажәалагалоу иҟарҵаз.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габлиа Гәылрыԥшь араион адистанциатә ҵара иазкны

"Адистанциатә ҵара даара иуадаҩуп. Ауаа аинтернеттә хархагақәа ишахәҭоу ирымаӡам, ақыҭақәа рахь иҟаӡам, ақалақь аҿы измоу рхы нацәырга-аацәыргоит, избанзар, ирҭахӡам дистанциала аҵараҵара. Жәа-ҩык ахәыҷқәа ахьтәоу, 5-6-ҩык цәырҵуеит аефир ахь, иҟоуп иахьмаҷу еиҳагьы, иҟоуп еиҳа иахьырацәоу. Аҭелқәеи апланшетқәеи зегьы ирымаӡам, аҭаацәа ртелефонқәа рыла изҭыҵзом, урҭ аусурахь ицоит. Изаҳӡои, даара ауадаҩрақәа ацуп ас еиԥш аҵараҵара. Арҵаҩцәа аусура иазгәаҟны иҟоуп, аҭыҵра рҭахуп, ахәыҷқәагьы убас. Асанитартә маҭәахәқәа рыла ҳацәгьамкәа ҳазыхиоуп, аусура ҳалагар еиҭа иацаҳҵоит, ашоурашәагақәа ҳамоуп школцыԥхьаӡа. Акызаҵәык, ахәыцра аҭахуп, ажәалагалақәа ҟаҳҵахьеит, асабшагьы ҳхы иаҳархәо, аԥхынтәи амзақәа руаки ҳзацҵар, инҭырҳәцааны апрограмма зегьы ҳзахымсыргьы, зыда ԥсыхәа ыҟам аматериал ҳахьӡоит ҳәа иҳаԥхьаӡеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габлиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0