Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хагәышь иҳәеит апандемиа аамҭазы ауниверситет аҿы аҵаратә процесс ацҵара шалыршахаз

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Хагуш
Батал Хагуш - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.02.2021
Анапаҵаҩра
ААУ афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иреиҳаӡоу аҵара усбарҭаҿы аӡынтәи асессиа шымҩаԥысуа.
Хра злоу ахҭысқәа: Хагәышь ААУ аӡынтәи асессиа амҩасшьа иазкны

"Аԥышәарқәа раԥхьа алекциақәа мҩаԥгатәын, акурсқәа еихшахеит ауаа рацәамхарц азы, ҩба-ҩба курс хԥа-хԥа мшы рыҭаны иҟаҳҵеит. Ауадақәа рҟны итәаз 10-ҩык иреиҳамызт. Онлаинла имҩаԥаҳгаз амаҭәарқәа ыҟоуп, урҭ азеиԥштә маҭәарқәа афилософиа, аполитологиа уҳәа. Егьырҭ алекциақәа абызшәа иадҳәалоу, иааганы ҳарзаԥхьон. Урҭ амаҭәаркәа рылоуп анаҩс аԥышәарақәагьы шымҩаԥгазгьы. Иааз алекциақәа раан аӡәгьы дычмазаҩханы дымцеит. Аҭагылазаашьа иҳамаз ҳхы иархәаны, ирмарианы, алекциақәа мҩаԥаагеит. Азшьақәа зегьы онлаинла иҳадаҳкылеит. Аԥышәарқәагьы џьара-џьара онлаинла иаԥхьозгьы ҟалеит, избанзар 60- шықәса ирхысхьоу аусзуҩцәа аԥкрақәа ирыҵаркит. Дара техникала еиқәыршәан, аҩнынтә онлаинла аҵаҩцәа ирзаԥхьо. Астудентцәа зегьы ирыман аҭагылазаашьа аҵараҵара. Онлаин аҵара ҵараӡам, аха маҷк иадымхаргьы, адыррақәа роуртә иҟаҳҵеит. Ажәакала, аԥышәара адкыларазы иҟаҵатәыз рацәан, апандемиа аамҭазы иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит аҵаратә процесс аиԥмырҟьаразы, сгәы иаанагоит ашколқәа рҿы абас иҟаҵазар акәын ҳәа", - еиҭеиҳәеит Хагәышь.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0