Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ахсалԥҳа амимоза заа ашәҭразы: аҳауаԥхарра аҽеиҭакра акыр шықәса имҩаԥысуа проблемоуп

© SputnikАсида Ахсалба
Асида Ахсалба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекологиатә институт аусзуҩы Асида Ахсалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит есышықәса амимоза заа ашәҭра мзызс иамоу атәы.
Ахсалԥҳа амимоза заа ашәҭразы: аҳауаԥхарра аҽеиҭакра акыр шықәса имҩаԥысуа проблемоуп

"Сынтәа ҭагалан акыр иԥхарран, нас ԥхынҷкәынгьы акырӡа аҳауа ԥхарра ҳаракын, убри аҟнытә аҵиаагьы заа ашәҭра зыхҟьазгьы уи ауп. Аҳауацәаакыра иара ишахәҭаз иаиуеит, амра ашәахәақәагьы ус. Аԥсны изызҳауа амимоза ауаҩы аекономика аганахьала ихы иаирхәартә иҟоуп, ҳтәыла агаҿа даара ибеиоуп ари аҵиаала. Иара жәабран 20 нахыс ауп ашәҭра ианалагаша. Уажәы абҳәасақәа рышәҭра иалагоит, атамақәагьы. Ари жәларбжьаратәи проблема дууп имҩаԥысуа аҳауа еиҭакрақәа. Аҳауа аԥхарра ашьҭыҵреи алаҟәареи 20 шықәса имҩаԥысуа апроблемақәа ируакуп аҟынтә, сынтәоуп ари аныҟалаз сҳәар ииашахаӡом. Иара амимозазы амзақәа зегь реиҳа ихадоу ҳәа иԥхьаӡоу ԥхынҷкәынмза ауп. Убысҟан иара илнаго иптырцаз амахәҭақәа аҳауа акырӡа ианашьҭыҵлак аизҳара иалагоит, нас импытыр залшаӡом. Уажәы ахьҭақәа ҟаларгьы зҽаанызкыло ҟалоит, аха урҭ иаҳа хыԥхьаӡарала имаҷхоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ахсалԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0