Sputnik, Наала Гәымԥҳа
Аԥсуа литература аҿиара, ашьақәгылара акыршықәса иааиԥмырҟьаӡакәан амаҵ азызуаз, иазааԥсоз, ашәҟәыҩҩы, апоет, арҵаҩы Терент Михаил-иԥа Ҷаниа иԥсҭазаара далҵит 84 шықәса дшырҭагылаз. Иара иааигәаны дыздыруаз, аус ицызуаз, гәалсра дула ирыдыркылеит иԥсҭазаара иалҵра.
Терент Михаил-иԥа иааигәаны ҷыдала дыздыруаз, аус ицызуаз Владимир Занҭариа иҩыза ду дигәаларшәо иҳәоит:
"Исгәалашәоит, Аинститут санҭаз 70-тәи ашықәсқәа рзы алитературатә хеидкыла агәыԥқәа еиҿкааны иҳаман, убраҟа ашәҟәыҩҩцәа еизон, Терент Михаил-иԥа урҭ раԥхьа дгылан. Хаҭала иара ҳҭаацәара дазааигәан, саб иашьеи иареи еиҩызцәа бзиақәан. Анатоли Аџьынџьали иареи акырынтә ҳаҩныҟа инеихьан, шаанӡа итәаны ицәажәон, ачеиџьыка рыбжьан. Терент Ҷаниа даара илагала дууп ҳлитература аизҳазыӷьара, аиҵыҵра, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа аҟны", - иҳәоит иара.
Занҭариа излазгәеиҭаз ала, Терент Ҷаниа еицырдыруа аԥсуа ашәақәа 50 рҟынӡа дравторуп.
"Ашәаҳәара дазҟазан, ибзианы амузыкатә шьҭыбжьы гәникылон. Ақәра аздырӡомызт ибаҩхатәра, 80 шықәса дшырҭагылазгьы аҩымҭа ҟаимаҭкәа аԥиҵон. Дуаҩы аамсҭашәан, иныҟәашәала, иаԥсшәаҳәашьала, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, аԥсуа хаҵа, аинтеллигент ҳәа ззырҳәоз иакәын", - абас дигәалаиршәоит зыдунеи зыԥсахыз иҩыза еиҳабы.
Апоет, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Геннади Аламиа Терент Ҷаниа дигәаларшәо, иҳәоит аԥсуа литература аԥсҭазаара мацара акәымкәа, ҳажәлар зегьы рыԥсҭазаара далҵит ҳәа.
"Зеиԥш дыҟамыз ҳәа ззуҳәартә иҟаз уаҩын, санхәыҷыз аахыс дыздыруеит, аус еицаҳуан. Иҽымԥсахкәа, иуаҩра аханатә ишьҭихыз иманы амҩа данын. Исцәыуадаҩуп иара ихцәажәара, аԥсуа литература аԥсҭазаара мацара акәымкәа, ҳажәлар зегьы рыԥсҭазаара далҵит ҳәа исыԥхьаӡоит", - иҳәеи Аламиа.
Терент Ҷаниа ибаҩхатәра мацара акәымкәа, уи илаз ауаҩрагьы азгәарҭоит ихцәажәо зегьы.
"Терент "сара" ҳәа мҳәаӡакәа иуаҩра, ибаҩхатәра, ихаҭара аазырԥшуаз иҭоурых ҟаиҵеит. Иажәеинраалақәа, иашәақәа ижәлар ирыхирҵәеит. Иашәақәа иахьеи-уахеи иҳаҳауеит, ҳлымҳа иҭаҩуеит, уигьы насыԥуп. Ауаҩы иара даныҟам иажәа, иашәа нхоит ҳәа ирҳәо башаӡам. Ауаҩра иара анцәа изишаны ауаа рызшатәыс имазшәа акәын дшыҟаз", - иҳәеит Аламиа.
Диит Терент Ҷаниа жәабран 10, 1937 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҵара иҵон Кәтолтәи аиҵбыратә школ аҟны, анаҩс Д. Гәлиа ихьӡ зху Тамшьтәи абжьаратә школ аҟны. 1955 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә апедагогикатә институт афилологиатә факультет. 1961-1963 шықәсқәа рзы арратә маҵзура дахысуан. Арратә маҵзура ихыганы данааи, аус иуан арҵаҩы-ааӡаҩыс, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс Аҟәатәи аԥсуа школ-интернат № 1 аҟны, 1967 шықәсазы агазеҭ "Аԥсны Ҟаԥшь" амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа акьыԥ ахь ицәырҵуа иалагеит 1965 шықәса инаркны. Терент Ҷаниа дравторуп апрозеи апоезиеи знылахьоу 25 инарзынаԥшуа ашәҟәқәа. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа рнылеит аизга "Уԥры, сара сашәа", "Сылашара".
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Терент Ҷаниа: аԥсуа литература адунеитә литература иахәҭакуп
-
Ҷаниа: аԥсуараҟны аԥсадгьыл ахьчара иреиҳау аҭыԥ ааннакылон