Аӡиа – даара иԥшӡоу ԥсабаратә цәырҵроуп. Аԥсны 186 ӡиа ыҟоуп. Урҭ реиҳарак ашьхаҳаракырақәа рҿы ишьҭоуп. Аӡиақәа рацәаны ишыҟоугьы, дара зегьы еилаҵаны рзеиԥш ҵакыра 5,23 км² иреиҳаӡам. Аԥснытәи аӡиақәа шәагаала еиҟараӡам, иуԥылоит идуу, ихәыҷу, иҵаулоу, усҟак иҵаулам.
Аԥсны аӡиақәа зегьы ирылукаартә иҟоуп Риҵа Дуи Амтҟьали. Риҵа Ду ақәыԥшылара 1 км³ иреиҳауп, аӡиақәа Амтҟьали Бабасыри рҵакыра хаз-хазы – 0,5 ² км рҟынӡа ыҟоуп.

Аԥсны 186 ӡиа ыҟоуп. Афото аҟны аӡиа Мҵра.

2/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсны аӡиақәа зегьы узеиларҩашьом. Убас иҟоуп Амтҟьалгьы.

Аԥснытәи аӡиақәа шәагаала еиҧшӡам, иуԥылоит идуу, ихәыҷу, иҵаулоу усҟак иҵаулами.  Афото аҟны: Дарикәара аӡиа

4/10
© Foto / Тенгиз Тарба
Малая Рица.

5/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсны иаҭаауа асасцәа рҿаԥхьа ҳазхыҽхәо акакәны иԥхьаӡоуп зыҵаулара 116 метра инаӡо аӡиа Риҵа.

Аӡиақәа рацәаны ишыҟоугьы, дара зегьы еилаҵаны рзеиԥш ҵакыра 5,23² км иреиҳаӡам. Афото аҟны аӡиа Ӡоу.

Тҟәарчал араион ишьҭоу аӡиа Дарикәара, аҵаулара 22 метра, аӡы ацқьара 14 метра.

8/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡиа Мзы.

Аӡиа Анаан (Мҵра)

10/10
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡиақәа реиҳара ашьхарақәа рҿы иҟоуп. Афото аҟны: Быжьӡиак ркаршәра