АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Аушьҭырҭатә пункт "Адлер" аҿы дааныркылеит Урыстәыла атәылауаҩ, аурыс-аԥсуа ҳәаа иара иитәымыз апаспорт ала ахысра зҽазызшәоз. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аусбарҭа апресс-маҵзура.
Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аусбарҭа аусҭҵаара хацнаркит аҳәынҭқарратә ҳәаа иахәҭоу ашәҟәқәа рыда ахысра аҽазышәаразы.
Ахаҵа ахараԥса идырҵар ауеит 200 000 мааҭ рҟынӡа мамзаргьы жәаа мзы иҭаку ауаҩы ауаҩы ихашәалала, ма ҩышықәса амчралатә усурақәа рымҩаԥгара, иара убасгьы иара убри аҟара аамҭа ихақәиҭра иалхәыдатәра.
Урыстәылатәи азакәанԥҵара инақәыршәаны Урыстәыла атәылауаа азин рымоуп атәыла алалареи алҵреи рхаҭара шьақәзырӷәӷәо адокумент ала.
Ахаҭара шьақәзырӷәӷәо документны иԥхьаӡоуп: апаспорт, аҳәаанырцә паспорт, адипломатиатә ма амаҵзуратә паспорт, Урыстәыла анхаразы азин иара убасгьы жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа абри аганахьала иазхарҵаз адокументқәеи атәыла ахада ма атәыла аиҳабыра рықәҵарақәа рыла ишьақәырӷәӷәоу даҽа документқәаки (изтәу ихаҭара шьақәзырӷәӷәо, атәыла алалара ма алҵра алзыршо аамҭалатәи адокумент) ма ахынҳәразы аршаҳаҭга, иара убасгьы ахҵәаҩы иршаҳаҭга.