АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара ианеишьеит Аԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы.
Анашьаратә церемониа мҩаԥган атәыла ахада Иусбарҭаҿы жәабран 10 рзы.
"Шәара Аԥсны аполитикатә усзуҩцәа шәреиҳабуп қәрала. Шәыԥсадгьыл аҿаԥхьа шәылшамҭақәа рыхәшьара уадаҩуп. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ашықәс рацәа" - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Валери Кәарҷиа диит 1946 шықәса жәабранмза 10 рзы, Тҟәарчал.
1964 шықәса рзы ашкол даналга ашьҭахь дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә институт.
1969 шықәса рзы аусура далагоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҟны. 1970–1971 шш. рзы Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысуан.
1975–1980 шш. рзы Аԥснытәи анаука-ҭҵааратә институт алексикологиа аҟәша аусзуҩыс дыҟан. Иара убри аамҭазы Ҟабарда-Балкариатәи ауниверситет аҟны аспирантура далгоит.
1985 шықәсазы иҭыҵит иусумҭа "Аԥсны аоиконимқәа аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы", 1988 шықәсазы – "Аԥснытәи АССР Очамчыра араион атопонимиказы аматериалқәа", 2002 шықәсазы иҭыҵит имонографиа "Аԥсны атопонимика " (аԥсышәала).
2005 шықәсазы Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп. 2003 шықәса рзы Москва, абызшәадырра Аинститут аҟны адоктортә диссертациа ихьчоит ("Аԥсны аҭоурыхтәии ҳаамҭазтәии атопонимиа").
Апарламент ааԥхьарақәа хԥа дырдепутатуп. 2020 шықәса мшаԥы 12 рзы Апарламент аиҳабыс далхуп.