Аиҿкаара ҿыц аԥҵаҩцәа азхиоуп аҵарадырра аҩаӡареи арҵаҩы изанааҭ ашьҭыхреи иазҿлымҳау аус рыцура.
"Ас еиҿкаарак аԥҵара ҳгәы иҭеижьҭеи акрааҵуан, ҳалацәажәон ҳинститут аҟны ҳусура даҽа форматк аҭара, арҵаҩцәеи ҳареи ҳаимадара иацхраауа ҳашьҭан. Иахьатәи аҭагылазаашьагьы ҳасаб аҭаны иҳаӡбеит аиҿкаара аԥҵара. Аҵаратә системаҟны аҿыц лагалақәа, азнеишьақәа ирыдгыло ыҟоуп, иҟоуп хәыҷык ирыцәшәома ззуҳәаша. Адыррақәа иаҳа инарҭбааны ирыҭатәызар ҟалап ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Иҟоу еиуеиԥшым аҵарадырра иадҳәалоу ацәажәарақәа хәыҷык рҭышәынтәалара, ҳусура иацхраауа акы акәхоит ҳәа азгәаҭаны иаԥаҳҵеит ас еиԥш аиҿкаара", - лҳәеит Кәакәасқьырԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аиҿкаара ҿыц ҩ-хырхарҭак хадаратәла азҿлымҳара шанаҭо: арҵаҩцәа акомпиутер аганахьала рдыррақәа реизырҳара, ииашоу аметодикала реиқыршәара.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Кәакәасқьырԥҳа аԥсуа школ ҿыц аконцепциа "Аԥеиԥш" азы: еиҳа алҵшәа змоу амодельқәа алхуп