"130-ҩык рышәҟәы": Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 42 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукАГУ
АГУ  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 13, 1979 шықәсазы СССР аминистрцәа рхеилак Максим Горки ихьӡ зху Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә Арҵаҩратә институт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь ииаган.

АҞӘА, жәабран 13-Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет 42 шықәса ахыҵит.

42 шықәса раԥхьа иҟалаз аҭоурыхтә хҭыс игәалаиршәоит афилософиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Олег Дамениа.

Олег Дамениа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2019
Арадио
Дамениа: Аԥсуа университет аартра зыбзоурахаз 130-ҩык рышәҟәоуп

"Усҟан аҭагылазаашьа уадаҩхеит, аполитика акырӡа аҽаԥсахит, ашәарҭара ҳазнарҵысит, аԥсуаа ҳҭагылазаашьа акырӡа еицәахеит. Қырҭтәыла Аԥсны имҩаԥнагоз аполитика атәы зҳәоз ашәҟәқәа хаз-хазы ирыҩуан, убри зегьы Москваҟа ицон, уантәи ирхынҳәны Қарҭҟа инарышьҭуан. Урҭ ашәҟәқәа рҩышьагьы иаман ахатә ԥҟарақәа, аха урҭ азгәамҭакәа, ауаа рхы-ргәы ԥжәаны ирыҩуаз иахырҟьаны аԥсуаа рцәа рхырхуа, милаҭ еилыхыҩцәоуп ҳәа рзырҳәо иалагеит. Ҩаԥхьа аԥсуаа ахара зду милаҭны аҟаларазы ашәарҭара иҭагылеит. Усҟан аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа ирыӡбеит ашәҟәы аҩра, иара аӡәырҩы рнапы иҵырхит", - иҳәоит Дамениа.

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, "130-ҩык рышәҟәы" (Асовет Еидгыла аиҳабырахь аԥсуа интеллигенциа ирыҩыз ашәҟәы, Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьеи, Аԥсны Қарҭтәыла алҵра шхымԥадатәиу ртәы ахьарбаз – аред.) иабзоуроуп ауниверситет аартра.

"Уи ус имариамызт, маӡала иҟаз усын, иара шықәсыбжак ҳадхалеит. Уи ашәҟәы иахылҵыз ауп ауниверситет аартра зыхҟьаз, ажурналқәа аԥсышәала рҭыҵра ишалагаз. Асовет Еидгыла ақәҵарала иаартын ауниверситет, аԥсуа телехәаԥшра. Усҟан Аԥсны акультуреи аекономикеи рырҿиаразы иазоушьҭын уи аамҭазы имаҷмыз аԥара", - ҳәа азгәеиҭеит Олег Дамениа.

ААУ апроректор Виктор Маланӡиа иазгәеиҭеит, 1979 шықәса, жәабран 13 рзы ишьақәгылаз СССР аминистрцәа реилазаара рыдҵа иагәылан апункт, уи ала ауниверситет арҵаратә хырхарҭа ахьчалар акәын, уи даара аҭҵааратә спектр аиҵыҵра иаԥырхагахон.

"Аҭагылазаашьа цәгьа ҳашҭагылазгьы азанааҭ ҿыцқәа раартра ҳалшеит, даара акраҵанакуеит аҭашықәсқәа ирҭагӡаны ауниверситет аҭҵааратә потенциал иахьацлаз", – иазгәеиҭеит Маланӡиа.

Маланӡиа иажәақәа рыла, арҵаратә институт ауниверситет ахь аиагара Аԥсны жәлар ахақәиҭра аҭоурых ишиашоу иадҳәалоуп, избан акәзар атәылақәа зегь рыҟнеиԥш аҳәынҭқарра аиҿкаараҟны ихадоу иашьагәыҭуп.

Жәабран 13, 1979 шықәсазы СССР аминистрцәа рхеилак Аҟәатәи арҵаратә институт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ахь аиагара адҵа ҟарҵеит, ректорс дҟаҵан аҵарауаҩ Зураб Анчабаӡе.

Иахьазы  аԥсуа университет аҟны аҵара рҵоит х-нызқьҩык астудентцәа аа-факультет аҟны: агроинженертә, абиолого-географиатә, аҭоурыхтә, апедагогикатә, афизико-математикатә, афилолгиатә, аекономикатә, аиуристә.

Ажәабжьқәа зегьы
0