Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Занҭариа Дыжын Чуреи лдоктортә усумҭазы: пату рзақәуп аҵарауаа

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Зантария
Владимир Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2021
Анапаҵаҩра
Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны дахцәажәеит адоктортә диссертациа зыхьчаз аҵарауаҩ Дыжын Чуреи лусумҭа.
Занҭариа Дыжын Чуреи лдоктортә усумҭазы: пату рзақәуп аҵарауаа

"Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа –адыга диаспора рышәаҳәара- инструменталтәи рқьабзтәи традициа" ҳәа хьӡыс измоу адоктортә диссертациа хьчан ауниверситте аҟны жәабран 10 рзы. Адиссертациа лыхьчеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра адоцент Дыжын Али Чуреи.

Аҧсуа-адыга музыкатә фольклор атемала уаанӡа инарҭбаау аҭҵаарақәа мҩаҧырмгацызт, уи ахырхарҭала ари раҧхьатәи доктортә усумҭаны иҟалеит. Шьҭрала иҟабарда ҭыҧҳау, амҳаџьыр хылҵшьҭрақәа иреиуоу Дыжын Чуреи аҧсуа-адыга музыкатә фольклор дазҿлымҳауижьҭеи акрааҵуеит, шықәсырацәала адәынтәи аматериал еизылгон. Лара илылшеит афольклортәи аетнологиатәи нҵамҭақәа шьаҭас иҟаҵаны Ҭырқәтәылатәи аҧсуа-адыга диаспора рашәаҳәара-инструменталтә культура аҭагылазаашьа аарҧшра.

"Ари аҭҵаамҭа сгәаанагарла азҿлымҳара аиуит аԥсуааи- адыгааи рмузыкатә хореографиатә ҭоурых реинырра, реигәныҩра иахьазкыз, насгьы ҳдиаспора ахьеиланхо аҭыԥқәа рҟны ианҵаны иҭылҵааит. Ус иҟазҵахьоу ыҟоуп, аха ас асистематә ҟазшьа аҭаны, адоктортә тема ахьчаразы раԥхьа зшьаҿа еихызгаз ла лоуп. Абри ажәытәтәи ашәақәа, акәашарақәа, аетнографиатә процессқәа ирызку аусумҭақәа рыхә ҳаракхо иалагеит. Аглобализациа ицо ажәытә традициатә культура арӡуеит, атехнократиатә цивилизациа иахылҿиаауа ацәқәырԥа зегь реиҳа изныԥшуа адоуҳатә дунеи ауп. Аԥсуааи адыгааи шьала-дала еимадоуп, зқьышықәсала еицаԥаҳҵаз адоуҳатә культура, амузыкатә традициа еиқәырхашьас иамоу аклассификациа азуны, ҭҵаарадыррала дазнеины иахьыҟалҵаз пату ақәаҳҵоит, пату ақәырҵоит аҵарауаа", - иҳәеит Занҭариа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0