Аԥсны ААР аусзуҩцәа дааныркылеит аашықәса раԥхьа ибналаз ауаҩы

© Sputnik / Томас ТхайцукНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2021
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу ахаҵа 2013 шықәсазы дыбналеит, ашьҭазаара иман. Иахьанӡа аусҭҵаареи аӡбареи рҟынтәи иҽцәхьакны дыҟан.

АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Аԥсны ААР ашьаусԥшаара Аусбарҭа аусзуҩцәеи Гәдоуҭа араион ААР аусзуҩцәеи дааныркылеит 2013 шықәсазы ибналаз, Лыхны ақыҭан инхо Дмитри Барцыц. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Барцыц Аԥсны ААР иатәу абахҭа дҭакын ацәгьоуразы. 2011 шықәса ԥхынгәы 10 рзы акаҳуажәырҭа "Камелия" аҿы, Гагра ажәеимакра ашьҭахь акаҳуажәырҭа аусзуҩ аҳәызба илаҵаны дыбналеит. Ааха зауз ахаҵа иԥсҭазаара далҵит.

2011 шықәсазы Дмитри Барцыц дааныркылеит, 2012 шықәса лаҵарамзазы аашықәса иқәҵаны иус рыӡбеит. 2013 шықәса, цәыббрамзазы Агәыӡера иҟоу арратә госпиталь ахь даныргоз амҩан дыбналеит.

Цәыббра 17, 2013 шықәсазы ишьҭазаара рылаҳәан, аха иахьанӡа иҽыҵәахны дыҟан.

Жәабран 15, 2021 шықәсазы иара иганахь ала ашьаус хацыркын ибналаразы. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Гәылрыԥшь араион апрокуратура.

Ажәабжьқәа зегьы
0