АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Знапхы цәгьоу Урыстәыла атәылауаҩ Афедералтә шьҭазаара иман. Иара даанкылан аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы итәылауаҩшәҟәы агәаҭараан. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Ахаҵа иԥшаара аԥшьгаҩцәа – Урыстәыла ААР Кемеровтәи аобласт АУ дрыҭан.
Аҳәаахьчаратә усбарҭа иазгәанаҭоит Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҟны аҳәаахьчаратә гәаҭарақәа раан амаҵзурауаҩ азин имоуп:
- ахаҿқәа рдокументқәа ргәаҭара, атранспорттә хархәагақәеи имҩанырго аидареи ргәаҭара;
- аҳәынҭқарратә ҳәаа, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ррежим еиларгеит ҳәа агәаанагара зганахь ала ицәырҵыз ахаҿқәа раанкылареи рыҭҵаареи, арҭ ахаҿқәа аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рыҟәшақәеи егьырҭ аҭыԥқәеи рахь рзинеилагара аҭҵааразы рнагара;
- аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рҳәаахьчаратә гәаҭаратә ҟәшақәа рахь арҭ ахаҿқәа наганы аҳәынҭқарратә ҳәаа, аушьҭырҭатә ҭыԥқәа ррежим еиларгеит ҳәа агәаанагаразы рыҭҵаара. Иахәҭаны иҟалар иарбоу аилагарақәа рзы аҭҵаарақәа аҽа ҭыԥк аҿы аилыргара мҩаԥгахар ҟалоит;
- аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азин ҟазҵо адокументқәа рҿы адыргақәа рыҟаҵара, иаҭахханы иҟалар аамҭала арҭ адокументқәа рымхра, иара убасгьы иԥаршеиу адокументқәа рымхра;
- аҳәаанырцәуааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи зыҿҳәара иахыԥахьоу урыстәылатәи авизақәа рыҿҳәара ацҵара, афедералтә усбарҭа ахаҭарнакра аҟамзаараан;
- Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара ишышьақәнаргылаз ала аҳәаанырцәуаа урыстәылатәи рвизақәа русура аанкылара;
- аамҭала ахаҿқәеи атранспорттә хархәагақәеи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҿы рныҟәара аԥкра ма аанкылара;
- аамҭала еиуеиԥшым аусурақәа, атәылахьчара иадҳәалоуи, аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыдҳәалоуи, аҿкчымазарақәа ирыдҳәалоуи аусурақәа рыда раанкылара;
- Азакәан иазыԥхьагәанаҭо аҭагылазаашьақәа раан абџьар, атехника, ахархәага ҷыдақәа, амчра ахрархәара;
- аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада ауаа рахыгаразы ахараԥса рықәҵара.
2020 шықәсазы аурыс-аԥсуа ҳәааҿы иаанкылан афедералтә, жәларбжьаратә, аҳәынҭқаррабжьаратә шьҭазаара змаз 90-хаҿы.