Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Дочиа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал адгьыл ахьҳәазаз иахьазы иазыӡбоу атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукИсидор Дочия
Исидор Дочия - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит адгьыл ахьҳәазаз аҭагылазаашьа иахьа изеиԥшроу, амҩа аиҭашьақәыргылара азҵаара уажәазы иазыӡбоу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Дочиа Тҟәарчал адгьылҳәазара иазкны

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган жәабран 16 рзы Тҟәарчал араион даҭааит адгьыл ахьыҳәазаз аҭыԥ лбаразы. Озган "Аҟәарахьчара" аиҳабы Гурам Ҳаразиа инапы ианылҵеит Бедиеи Тҟәарчали рыбжьара аамҭалатәи асхемала аимадараз ажәадгалақәа азырхиазарц.

Тҟәарчал араион аҟны амҩеи аҩнқәа ҩбеи ааха роуит адгьылҳәазара иахҟьаны. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.02.2021
Бедиа арыцҳара: адгьылҳәазара амҩеи аҩнқәеи ааха рынаҭеит

"Ицәгьоуп амҩа азҵаара алацәажәара, ианыҟало атәы. Адгьыл ахьҳәазаз 15 гектар инареиҳаны иаҵанакуеит… иҟоуп 15- 30 метра рҟынӡа иахьҳәазаз аҿыгҳара. Иҳәазаз адгьыл маиҟәаԥтәи анышәаԥшь ҳәа изышьҭоу ауп. Иахьа амшқәа шышьақәгылаз ала, аҳәазара иахьалагаз аӡқәа ҭатәоуп хыхь, уахь атехника хагаланы аусурақәа рымҩаԥгара уадаҩуп…аамҭа аҭахуп, аспециалистцәагьы адԥхьалатәуп. Иахьа убасгьы ашәарҭара ыҟоуп иҳәазаны илбаауа адгьыл аӡы ҭачыр, нас ихыҵны ақыҭа ирыҵалар ҳәа. Уажәы иҳәазаны илбаауа адгьыл 100 метрак рҟынӡа аҵанакуеит амҩа. Иаур даҽа мҩак алданы, ахаҳә ықәԥсаны аамҭала аҟаҵара азыӡбаны иҳамоуп. Уи аспециалистцәа игәарҭароуп, амҩазы ҿыц иԥырҟо адгьыл мҳәазарц. Иааиуа амчыбжь азы ус еиԥш аусурақәа азгәаҭоуп. Ацҳақәа ҩба хҵатәуп, амҩа ҟаҵатәуп. Уажәы ауаа 80 километра рҟынӡа иакәшаны иаауеит ақалақь ахь", - иҳәеит Дочиа.

Тҟәарчал араион Бедиа ду ақыҭаҿы адгьылҳәазара иалагеит ажьырныҳәа 15 рзы. Мышқәак рышьҭахь Тҟәарчалҟа уназго амҩа ҭабгеит. Иахьазы ақыҭақәа Бедиа ду, Агу-Бедиа, Бедиа рахь анеира ԥкуп.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аԥсны акапиталтә ргылараз аусбарҭеи Агеологиеи, агеодезиеи акартографиеи русбарҭеи рнапы ианылҵеит Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа радрыԥхьалара азҵаара аус адыруыларц.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0