Урыстәыла хышықәсоуп иаӡам аекспортҟаҵараз арекорд шьақәнаргылоижьҭеи

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДемонстрация научных разработок по выращиванию пшеницы
Демонстрация научных разработок по выращиванию пшеницы - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аиҳарак аекспорт ахь иашьҭуеит аметаллаалыҵ (20,8 %) , амашьынаҟаҵаратә ааглыхра (17,7%), афатә-ажәтә (17,3%), ахимиа аалыҵ атауар (16%).

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Урыстәыла хышықәсоуп иаӡам аекспортҟаҵараз арекорд шьақәнаргылоижьҭеи. 2020 шықәсазтәи арбага 161,3 миллиард доллар ыҟан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәылатәи аекспорттә центр адыррақәа рыла.

Урыстәылатәи аекспорттә центр адиректор хада Вероника Никишина илҳәеит аимпорт ахышәаҵышәа есышықәса ишацло: 2018 шықәсазы - 154,3 миллиард доллар, 2019 шықәсазы — 155,1 миллиард. Никишина илҳәеит Урыстәылатәи аекспорттә центр амилаҭтә проект арбагақәа рынагӡаразы аҩаӡара шышьақәнаргылаз.

COVID-19 аԥкырақәа ирыхьмырԥшыкәа ачарыц аекспорт 1,8 миллиард доллар ахәԥса инаӡеит, азеҭ - 600 миллион. Аграрицәа ирылшеит ачарыц аҩбатәи аҽаҩра аҭагаларагьы.

2019 шықәса раахыс аполиетелен аекспорт иартәеит 449 миллион доллар. COVID-19 аҭагылазаашьаан абарҭ атауарқәа: ахәшәқәа, ақьаади апластики ирылху аҭрақәа, ахыхьчага хархәагақәа, амедицинатә аппаратура уҳәа рҭахра иацлеит.

Урыстәылатәи аекспорт иахырхарҭа хаданы иҟоуп абарҭ атәылақәа:

  • Китаи (16,4 миллиард доллар)
  • Ҟазахстан (12,3 миллиард)
  • Белоруссиа (9,4 миллиард)
  • Ҭырқәтәыла (8,15 миллиард)
  • Нидерланды (6,2 миллиард)

Рекордтәны иҟалеит ԥхынҷкәынмза: аекспорт 18,8 миллиард доллар артәеит. Уаанӡатәи арекорд— 17,9 миллиард доллар — азгәаҭан 2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0