00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷыҭанаа сынтәатәи аԥсыӡкра аамҭа ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСавелий Читанава
Савелий Читанава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Анапаҵаҩра
Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны сынтәатәи аԥсыӡкра аамҭа ахәшьара аиҭеит.
Ҷыҭанаа алкаақәа ҟаиҵеит сынтәатәи аԥсыӡкразы

Аԥсны акамшьиа акра иалагоит ԥхынҷкәынмзазы, ихыркәшахоит жәабран-хәажәкыра амзақәа рзы. 2020-2021 шықәсқәа рзы Аԥсны азин ыҟоуп 42 тонна акамшьиа акра.

"Сынтәа акамшьиа акразы аамҭа абжеиҳара мҩасхьеит, ҵыԥхи сынтәеи еиҿурԥшуазар, аиашазы, алкаақәа иҟауҵо рацәоуп. Ҵыԥх уажәааны азауадқәа зегьы 30 нызқь тонна рҟынӡа ркхьан. Сынтәа ҳахьааиҳьоу аамҭа аҟны иркхьеит 4 нызқь тонна рҟынӡа акамшьиа. Уи зыхҟьаз аҳауа аԥхарра ахьаҵаз ауп, мышқәак роуп иҵуа хәыҷык ихьшәашәарахеижьҭеи. Амшынӡы хьшәашәамхеит, акамшьиа акәзар Аԥсны аҟәарахьы аӡын ахнагарц иаауеит. Амшын еиқәа иаакәыршаны ахьҭа анкатәалак, ҳара ҳахь иаауеит, избанзар ҳара ҳҟны ҳамшын иаҿықәу аӡы иаҳа иԥхоуп. Сынтәа Ҭырқәтәыла аҟәарақәа рҟны иаангылеит, избанзар амш бзиан. Дара рҟны аԥсыӡкра уаҳа наҭахымкәа сынтәа имҩасуеит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иазгәеиҭеит аԥсыӡкразы аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхар ҟалап хәыжәкырамзазы ҳәа. Сынтәатәи аҭагылазаашьа еиԥшны иҟалахьан 7-8 шықәса раԥхьа. Усҟан акамшьиа акразы аамҭа мшаԥынӡа инаскьаган иҳәеит Ҷыҭанаа.

Шәаӡыӡырҩы аудио. иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0