https://sputnik-abkhazia.info/20260914/1065614681.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба агазеҭ "Республика Абхазия" 35 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит аколлектив.Агазеҭ аҭыҵра иалагеит 1991 шықәсазы, раԥхьатәи амшқәа инадыркны баша... 14.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-14T13:01+0300
2026-09-14T13:01+0300
2026-09-14T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/0e/1065614515_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_b80b585ccc4e01e51f00acb8568440ef.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Бадра Гәынба агазеҭ "Республика Абхазия" 35 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит аколлектив.Агазеҭ аҭыҵра иалагеит 1991 шықәсазы, раԥхьатәи амшқәа инадыркны баша аинформациатә хыҵхырҭак аҳасабала акәымкәа, атәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа зныԥшуа, ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи ԥсҭазаара иахәҭакны иҟалеит."Амилаҭтә ԥхьагыла Владислав Арӡынба иӡбарала иаԥҵоу агазеҭ, аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааныркылоит уи ахыҵхырҭаҿы игылаз ауаа. Раԥхьатәи аредактор хадас дҟалеит Витали Зи-иԥа Чамагәуа. Уи ивагыланы агазеҭ раԥхьатәи адаҟьақәа аԥырҵон зус бзиаӡан издыруаз ажурналистцәа, аредакторцәа, аредакциа аусзуҩцәа", — аҳәоит адныҳәалараҿы."
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Екатеринбург имҩаԥысуа Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аартра ихы алаирхәит.Афестиваль аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысуан цәыббра 13 рзы аконгресс-цәыргақәҵатә центр "Екатеринбург-ЕКСПО" аҿы.Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа, акультура аминистр Даур Ақаҩба.Сынтәа Аԥсны раԥхьаӡакәны Аҿар Жәларбжьаратәи Рфестиваль жәларбжьаратәи ахәҭа иалахәуп.
Аҟәа ӡыда иаанхеит Беигәа имҩаҿы аӡымҩангага хадаҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны.Ари аҳҭнықалақь зегьы ӡыла еиқәзыршәо амҩангага хадақәа ируакуп ҳәа азгәарҭеит ақалақь ахадара апресс-маҵзураҿы.Акоммуналтә маҵзурақәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагахьеит. Аӡы анашьҭра ргәы иҭоуп уаха асааҭ 01:00 рзы.
Афонҿыцтәи аҳаԥы абилеҭқәа рыҭира аҟынтәи ахашәала аԥхын 41 млн мааҭ рыла иазҳаит ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны.Хымз рыҩнуҵҟа аҳаԥы аҭаларазы 200 млн мааҭ рыхә абилеҭқәа рҭиит. Аиԥш зеиԥшу аамҭахәҭа 2025 шықәсазы ахашәала 158,8 млн мааҭ ыҟан.Убри аан, ҵыԥх аҳаԥы аҭааҩцәа еиҳан—227 нызқьҩык рҟынӡа. Уажәы ахыԥхьаӡара 200 нызқьҩык рҟынӡа илаҟәит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны атуризм аминистрраҟны.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 399 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Краснодартәи атәылаҿацә оперативтә штаб излаанацҳауа ала, адронқәа рыԥҽыхақәа ааха рырҭеит хәыҷык дназлоу хәҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьынтәи аӡәы ахәышәтәырҭахь дыргеит, егьырҭ ихымԥадатәиу ацхыраара лас рзыҟарҵеит.
Бадра Гәынба агазеҭ "Республика Абхазия" 35 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит аколлектив.Агазеҭ аҭыҵра иалагеит 1991 шықәсазы, раԥхьатәи амшқәа инадыркны баша аинформациатә хыҵхырҭак аҳасабала акәымкәа, атәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа зныԥшуа, ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи ԥсҭазаара иахәҭакны иҟалеит."Амилаҭтә ԥхьагыла Владислав Арӡынба иӡбарала иаԥҵоу агазеҭ, аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааныркылоит уи ахыҵхырҭаҿы игылаз ауаа. Раԥхьатәи аредактор хадас дҟалеит Витали Зи-иԥа Чамагәуа. Уи ивагыланы агазеҭ раԥхьатәи адаҟьақәа аԥырҵон зус бзиаӡан издыруаз ажурналистцәа, аредакторцәа, аредакциа аусзуҩцәа", — аҳәоит адныҳәалараҿы." Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Екатеринбург имҩаԥысуа Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аартра ихы алаирхәит.Афестиваль аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысуан цәыббра 13 рзы аконгресс-цәыргақәҵатә центр "Екатеринбург-ЕКСПО" аҿы.Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп ареспублика аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа, акультура аминистр Даур Ақаҩба.Сынтәа Аԥсны раԥхьаӡакәны Аҿар Жәларбжьаратәи Рфестиваль жәларбжьаратәи ахәҭа иалахәуп. Аҟәа ӡыда иаанхеит Беигәа имҩаҿы аӡымҩангага хадаҿы иҟалаз амашәыр иахҟьаны.Ари аҳҭнықалақь зегьы ӡыла еиқәзыршәо амҩангага хадақәа ируакуп ҳәа азгәарҭеит ақалақь ахадара апресс-маҵзураҿы.Акоммуналтә маҵзурақәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагахьеит. Аӡы анашьҭра ргәы иҭоуп уаха асааҭ 01:00 рзы. Афонҿыцтәи аҳаԥы абилеҭқәа рыҭира аҟынтәи ахашәала аԥхын 41 млн мааҭ рыла иазҳаит ҵыԥхтәи ашықәс иаҿырԥшны.Хымз рыҩнуҵҟа аҳаԥы аҭаларазы 200 млн мааҭ рыхә абилеҭқәа рҭиит. Аиԥш зеиԥшу аамҭахәҭа 2025 шықәсазы ахашәала 158,8 млн мааҭ ыҟан.Убри аан, ҵыԥх аҳаԥы аҭааҩцәа еиҳан—227 нызқьҩык рҟынӡа. Уажәы ахыԥхьаӡара 200 нызқьҩык рҟынӡа илаҟәит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны атуризм аминистрраҟны. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 399 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.Краснодартәи атәылаҿацә оперативтә штаб излаанацҳауа ала, адронқәа рыԥҽыхақәа ааха рырҭеит хәыҷык дназлоу хәҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьынтәи аӡәы ахәышәтәырҭахь дыргеит, егьырҭ ихымԥадатәиу ацхыраара лас рзыҟарҵеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/0e/1065614515_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_03efc66c03f37610a5bac93d1e335e55.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио