Аҭоурых асценаҿы: амоноспектакль "Ацынҵәарах" шықәдыргылаз

Анапаҵаҩра
Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" ала иқәыргылаз амоноспектакль ддырбеит Ф.Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы жәабран 18 рзы.

Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩс дыҟоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, атеатр актиор хадацәа иреиуоу Џьамбул Жорданиа.

Амоноспектакль "Ацынҵәарах" апрессазы иддырбон атеатр арт-фоие аҟны. Аублаа жәлар аҵыхәтәантәи рхаҭарнак даазырԥшуаз ихадаз иагьакзаҵәыкыз ароль наигӡон актиор Осман Абыхәба.

Ақәыргыламҭа мҩаԥысуан сааҭки ҩажәа минуҭи. Ари аамҭа иалагӡаны актиор ароман аҟынтәи еиҳа аҵакы змоу ацыԥҵәахақәа дрыԥхьоит, убри аамҭазы адекорациақәагьы уажәы-уажәы рҽырыԥсахуеит. Зны ицәырҵуеит амҳаџьырқәа атәымдгьыл ахь изго аӷбақәа, анаҩс - аҭырқәа дгьыл сакарақәа, даҽазных - Кавказ ашьхақәа.

Амоноспектакль актиорк ида уаҩ дшаламгьы, уажәы-уажәы ахәаԥшцәа рлымҳа иҭыҩуеит ароман егьырҭ афырхацәа рыбжьқәагьы. Аспектакль арежиссиор ари ақәыргыламҭазы иалиԥшааит реиҳа анырра ҟазҵо, аҩымҭа аҵакы гәыцәс иамоу ахҭысқәеи ацитатақәеи.

Амоноспектакль "Ацынҵәарах" иахәаԥшырц иааиз асасцәа изларҳәаз ала, арежиссиор илшеит ашәҟәыҩҩ ду Баграт Шьынқәба ԥсра зқәым ироман иаҵаз ахықәки атмосфереи еиқәырханы асценаҿы иааԥшыртә аҟаҵара. Аублаа аҵыхәтәантәи рхылҵшьҭра, рцынҵәарах ироль назыгӡоз Осман Абыхәба илшеит амоноспектакль ахәаԥшцәа рхы-рыԥсаҟынӡа инеиртә, ргәы иҭымҵәартә аҟаҵара.

Арежиссиор Џьамбул Жорданиа игәаанагарала, ароман "Ацынҵәарах" асценаҿы ақәыргалара имариаз усмызт, зегь реиҳа инагӡатәны ииԥхьаӡоз - асиужет хада ацәаҳәа еиқәырханы аемоциа аҵаҵаны ахәаԥшҩы изнагара акәын.

Аҭоурых-философиатә роман "Ацынҵәарах" аҿы Кавказтәи аибашьраан зҭоурыхтә ԥсадгьыл нырмыжьыр ада ԥсыхәа змамыз, ихҵәаз аублаа жәлар рҭоурых аарԥшуп. Уи ароман еиҭагоуп адунеи абызшәақәа жәпакы рахь. Раԥхьаӡа акәны иара акьыԥхь иабеит 1974 шықәсазы ажурнал "Алашара" аҟны. Баграт Шьынқәба ари ароман ала иааирԥшит иарбанзаалак ажәлар рықәӡаара ауаатәыҩса зегьы ирзеиԥшу философиатә проблеманы, адунеитә цивилизациазы ицәыӡ дуӡӡаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

© Sputnik / Леон Адлейба Жәабран 16 рзы РУСДРАМ аҿы имҩаԥысит амоноспектакль "Ацынҵәарах" аԥхьарбара.
Жәабран 16 рзы РУСДРАМ аҿы имҩаԥысит амоноспектакль Ацынҵәарах аԥхьарбара. - Sputnik Аҧсны
1/12
Жәабран 16 рзы РУСДРАМ аҿы имҩаԥысит амоноспектакль "Ацынҵәарах" аԥхьарбара.
© Sputnik / Леон Адлейба Апрессазы хазы ақәыргыламҭа ддырбеит жәабран 18 ахәылԥаз атеатр арт-фоие аҟны.
Апрессазы хазы ақәыргыламҭа ддырбеит жәабран 18 ахәылԥаз атеатр арт-фоие аҟны. - Sputnik Аҧсны
2/12
Апрессазы хазы ақәыргыламҭа ддырбеит жәабран 18 ахәылԥаз атеатр арт-фоие аҟны.
© Sputnik / Леон Адлейба Аублаа жәлар аҵыхәтәантәи рхаҭарнак даазырԥшуаз ихадаз иагьакзаҵәыкыз ароль наигӡон актиор Осман Абыхәба.
Аублаа жәлар аҵыхәтәантәи рхаҭарнак даазырԥшуаз ихадаз иагьакзаҵәыкыз ароль наигӡон актиор Осман Абыхәба. - Sputnik Аҧсны
3/12
Аублаа жәлар аҵыхәтәантәи рхаҭарнак даазырԥшуаз ихадаз иагьакзаҵәыкыз ароль наигӡон актиор Осман Абыхәба.
© Sputnik / Леон Адлейба Ақәыргыламҭа мҩаԥысуан сааҭки ҩажәа минуҭи.
Ақәыргыламҭа мҩаԥысуан сааҭки ҩажәа минуҭи. - Sputnik Аҧсны
4/12
Ақәыргыламҭа мҩаԥысуан сааҭки ҩажәа минуҭи.
© Sputnik / Леон Адлейба Ари аамҭа иалагӡаны актиор ароман аҟынтәи еиҳа аҵакы змоу ацыԥҵәахақәа дрыԥхьоит, убри аамҭазы адекорациақәагьы уажәы-уажәы рҽырыԥсахуеит.
Ари аамҭа иалагӡаны актиор ароман аҟынтәи еиҳа аҵакы змоу ацыԥҵәахақәа дрыԥхьоит, убри аамҭазы адекорациақәагьы уажәы-уажәы рҽырыԥсахуеит. - Sputnik Аҧсны
5/12
Ари аамҭа иалагӡаны актиор ароман аҟынтәи еиҳа аҵакы змоу ацыԥҵәахақәа дрыԥхьоит, убри аамҭазы адекорациақәагьы уажәы-уажәы рҽырыԥсахуеит.
© Sputnik / Леон Адлейба Зны ицәырҵуеит амҳаџьырқәа атәымдгьыл ахь изго аӷбақәа, анаҩс - аҭырқәа дгьыл сакарақәа, даҽазных - Кавказ ашьхақәа.
Зны ицәырҵуеит амҳаџьырқәа атәымдгьыл ахь изго аӷбақәа, анаҩс - аҭырқәа дгьыл сакарақәа, даҽазных - Кавказ ашьхақәа. - Sputnik Аҧсны
6/12
Зны ицәырҵуеит амҳаџьырқәа атәымдгьыл ахь изго аӷбақәа, анаҩс - аҭырқәа дгьыл сакарақәа, даҽазных - Кавказ ашьхақәа.
© Sputnik / Леон Адлейба Амоноспектакль актиорк ида уаҩ дшаламгьы, уажәы-уажәы ахәаԥшцәа рлымҳа иҭыҩуеит ароман егьырҭ афырхацәа рыбжьқәагьы.
Амоноспектакль актиорк ида уаҩ дшаламгьы, уажәы-уажәы ахәаԥшцәа рлымҳа иҭыҩуеит ароман егьырҭ афырхацәа рыбжьқәагьы. - Sputnik Аҧсны
7/12
Амоноспектакль актиорк ида уаҩ дшаламгьы, уажәы-уажәы ахәаԥшцәа рлымҳа иҭыҩуеит ароман егьырҭ афырхацәа рыбжьқәагьы.
© Sputnik / Леон Адлейба Аспектакль арежиссиор ари ақәыргыламҭазы иалиԥшааит реиҳа анырра ҟазҵо, аҩымҭа аҵакы гәыцәс иамоу ахҭысқәеи ацитатақәеи.
Аспектакль арежиссиор Џьамбул Жорданиа ари ақәыргыламҭазы иалиԥшааит реиҳа анырра ҟазҵо, аҩымҭа аҵакы гәыцәс иамоу ахҭысқәеи ацитатақәеи. - Sputnik Аҧсны
8/12
Аспектакль арежиссиор ари ақәыргыламҭазы иалиԥшааит реиҳа анырра ҟазҵо, аҩымҭа аҵакы гәыцәс иамоу ахҭысқәеи ацитатақәеи.
© Sputnik / Леон Адлейба Амоноспектакль "Ацынҵәарах" иахәаԥшырц иааиз асасцәа изларҳәаз ала, арежиссиор илшеит ашәҟәыҩҩ ду Баграт Шьынқәба ԥсра зқәым ироман иаҵаз ахықәки атмосфереи еиқәырханы асценаҿы иааԥшыртә аҟаҵара.
Амоноспектакль Ацынҵәарах иахәаԥшырц иааиз асасцәа изларҳәаз ала, арежиссиор илшеит ашәҟәыҩҩ ду Баграт Шьынқәба ԥсра зқәым ироман иаҵаз ахықәки атмосфереи еиқәырханы асценаҿы иааԥшыртә аҟаҵара. - Sputnik Аҧсны
9/12
Амоноспектакль "Ацынҵәарах" иахәаԥшырц иааиз асасцәа изларҳәаз ала, арежиссиор илшеит ашәҟәыҩҩ ду Баграт Шьынқәба ԥсра зқәым ироман иаҵаз ахықәки атмосфереи еиқәырханы асценаҿы иааԥшыртә аҟаҵара.
© Sputnik / Леон Адлейба Ахәаԥшцәа рцәаныррақәа рынкылара рцәыцәгьан, убас ирҵабыргны дыхәмаруан актиор.
Ахәаԥшцәа рцәаныррақәа рынкылара рцәыцәгьан, убас ирҵабыргны дыхәмаруан актиор. - Sputnik Аҧсны
10/12
Ахәаԥшцәа рцәаныррақәа рынкылара рцәыцәгьан, убас ирҵабыргны дыхәмаруан актиор.
© Sputnik / Леон Адлейба Аублаа аҵыхәтәантәи рхылҵшьҭра, рцынҵәарах ироль назыгӡоз Осман Абыхәба илшеит амоноспектакль ахәаԥшцәа рхы-рыԥсаҟынӡа инеиртә, ргәы иҭымҵәартә аҟаҵара.
Аублаа аҵыхәтәантәи рхылҵшьҭра, рцынҵәарах ироль назыгӡоз Осман Абыхәба илшеит амоноспектакль ахәаԥшцәа рхы-рыԥсаҟынӡа инеиртә, ргәы иҭымҵәартә аҟаҵара. - Sputnik Аҧсны
11/12
Аублаа аҵыхәтәантәи рхылҵшьҭра, рцынҵәарах ироль назыгӡоз Осман Абыхәба илшеит амоноспектакль ахәаԥшцәа рхы-рыԥсаҟынӡа инеиртә, ргәы иҭымҵәартә аҟаҵара.
© Sputnik / Леон Адлейба Арежиссиор Џьамбул Жорданиа игәаанагарала, ароман "Ацынҵәарах" асценаҿы ақәыргалара имариаз усмызт, зегь реиҳа инагӡатәны ииԥхьаӡоз - асиужет хада ацәаҳәа еиқәырханы аемоциа аҵаҵаны ахәаԥшҩы изнагара акәын.
Арежиссиор Џьамбул Жорданиа игәаанагарала, ароман Ацынҵәарах асценаҿы ақәыргалара имариаз усмызт, зегь реиҳа инагӡатәны ииԥхьаӡоз - асиужет хада ацәаҳәа еиқәырханы аемоциа аҵаҵаны ахәаԥшҩы изнагара акәын. - Sputnik Аҧсны
12/12
Арежиссиор Џьамбул Жорданиа игәаанагарала, ароман "Ацынҵәарах" асценаҿы ақәыргалара имариаз усмызт, зегь реиҳа инагӡатәны ииԥхьаӡоз - асиужет хада ацәаҳәа еиқәырханы аемоциа аҵаҵаны ахәаԥшҩы изнагара акәын.
Ажәабжьқәа зегьы
0