Адепутат Ареспубликатә хәышәтәырҭа анапхгара рганахь ала аус ҭиҵааит

© Sputnik Народное Собрание Республики Абхазия
Народное Собрание Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахь ала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы. Апрокуратура хада урҭ рмаҵзуратә напынҵақәа ирхыҳәҳәеит ҳәа иашьоит.

АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутат Валери Агрба Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахь ала аусҭҵаара ахацыркра азиншьаҭа амазу иамамзу азы апарламенттә ҭҵаара мҩаԥигеит. Абри атәы адепутат далацәажәеит жәабран 23 рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

В Приморье возобновили обучение детей в малокомплектных школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.02.2021
Sputnik амчыбжь: азинхьчаҩцәа ахәышәтәырҭаҿы, аҵарахьы ахынҳәра, аихамҩатә ԥеиԥшқәа

Агрба иажәақәа рыла абри азы иара Агәабзиарахьчара аминистрра дадҵаалеит. Аусҭҵаараз иара иҭан аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа идҵа ахкьыԥхьаа, аус аҩныҵҟатә ҭҵааразы акомиссиа аԥҵаразы. Акомиссиа аԥҵан Апрокуратура хада амаҵзуратә напынҵақәа рхыҳәҳәареи ахәышәтәырҭаҿы ихықәкымкәа аԥараныхра аҟазаареи рзы аҭҵаара мҩаԥгатәуп ҳәа абжьагара аныҟанаҵа ашьҭахь.

Акомиссиа алкаақәа ҟанаҵар акәын ажьырныҳәа 28 аҟынӡа, аха ус акгьы ҟаҵамызт.

"Адокумент апроцессуалтә документқәа рыла арегламент азумызт. Акомиссиа аусура ԥхьаҟа иурҭбааргьы ауан, Апрокуратура хада азыҳәа абжьагара ҟазшьа ахьамаз азы. Апрокуратура азыԥшуп Агәабзиарахьчара аминистрра иаднакылараны иҟоу ауснагӡатәқәа", - иҳәеит адепутат.

Жәабран 2 рзы Апрокуратура хада аминистррахь ашәҟәы нанашьҭит амаҵзуратә гәаҭара аҭахым ҳәа. Убри ашьҭахь аусҭҵаара хацыркын. Адепутат Валери Агрба ари оумашәа иубаша ауп ҳәа ахиҳәаауеит, избанзар апарламенттә еилацәажәараан Апрокуратура хада ахаҭарнакцәа ирҳәон аусҭҵаара изалагаз аминистрра акгьы ахьыҟанамҵози акомиссиа ахьаԥҵамзи азы ауп ҳәа.

Агрба иара убасгьы иазгәеиҭеит Апрокуратура хада ахара шырхаранаҵогьы Апарламент ари аус ахы аланамырхәит, имҩаԥгаз аилатәара акәзар атәыла амедицинатә еилазаара рыҳәарала имҩаԥган.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи рганахь ала аусҭҵаара хацыркын 2021 шықәса жәабран 9 рзы. Апрокуратура хада аинформациала ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи, ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи, анаплакҩы Аслан Цкәуеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи инақәыршәаны Цкәуа хнырҳәрада иҭан ареагентқәа, ареспубликатә биуџьет аԥарақәа - 1 262 456 мааҭ рыхә ала иаахәаз. Ареагентқәа ахәышәтәырҭа апациентцәа алабораториатә маҵзура рыҭаразы хәԥсала ахархәара рыҭан.

Жәабран 15 рзы имҩаԥган аҳәынҭқарратәи азинтәи политиказ апарламенттә еилакы аилатәара, Гәыргәлиеи Воубеи раанкыларазы азинхьчаҩцәа рхымҩаԥгашьаз атәыла амедицинатә еилазаара ахадеи Апарламенти рахь ашәҟәы анынарышьҭ ашьҭахь.

Иара убри амш азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿы иазыӡырҩын Апполон Гәыргәлиеи Георги Воубеи рдукатцәа рышшыԥхьыӡ, Апрокуратура хада аӡсҭҵааҩ Наур Қриа ашьаус хацырктәуп ҳәа идикылаз ақәҵара аганахьала.

Жәабран 16 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩцәа, Екатерина Ҭырқьԥҳа зхантәаҩраҿы дыҟаз, Апполон Гәыргәлиеи, Георги Воубеи, Аслан Цкәуеи рганахьала аусҭҵаара азакәаншьаҭа амоуп ҳәа азгәарҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0