Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷба аррамаҵзура ахгаразы: ахаҵа ҳәа зхы зыԥхьаӡо иуалԥшьа наигӡароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРауль Амичба
Рауль Амичба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2021
Анапаҵаҩра
Асовет ар афицар, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, Леон иорден занашьоу Рауль Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Асовет Еидгыла аамҭақәа раан аррамаҵзура ахысра зеиԥшраз.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Амҷба асовет аамҭазы аррамаҵзура шихигоз атәы

Жәабран 23 - Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирымшуп. Асовет еидгыла аамҭақәа рзы ари амш хшыҩзышьҭра аҭаны атәылақәа жәпакы рҿы иазгәарҭозҭгьы, иахьа еиҳарак Урыстәыла ауп ныҳәак еиԥш иахьаԥыло.

"…Усҟангьы, иахьагьы, уаҵәы иҟалогьы аӡәгьы издырӡом, дарбанзаалак ахаҵа ҳәы зхы зыԥхьаӡо, зуалԥшьа зыԥсадгьыли, зыжәлари, зҭаацәеи рҿаԥхьа иназыгӡараны иҟоу, хьаҳәхьачрада иуалԥшьа наигӡароуп. Акомиссариат аҟны акыр шықәса аус зуит. Арратә ҽазыҟаҵарақәа рахь ҳаргон. Аԥсуаа рхылҵшьҭра аҟыбаҩ бзиа злоу хшароуп, ацҳафырра рылоуп, рхы кашәаӡом. Ус иҟоуп гәык-ԥсыкала зуалԥшьта иазнеиуа. Иацәҟьаланы агәарабжьара ибжьаханы иҟоу рахь исҳәарц исҭаху, уаҵәтәи ԥсҭазаарак ҟаланы, ҳҳәынҭқарра ҳәынҭқарраҵас иҟаларц азы - ихьчазароуп. Уи зыхьчо аҿар рхыԥхьаӡара даара ирацәамзаргьы, иҟоу ибзиаӡаны иазыҟаҵазароуп…Ауаҩы д-профессорзааит, дакадемикзааит, аха иҳәынҭқарра аныхьчамха, ихаҭа даныхьчамха, акгьы илшаӡом. Уи ҳнарбоит ақырҭцәа анҳажәла инаркны иахьа уажәраанӡа ҳҭагылазаашьа", - ҳәа азгәеиҭеит Амҷба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0