АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik. Cынтәатәи аӡынразы аҵаақәеи асоурақәеи рацәаны иахьыҟалаз аҳауатә епоха ҿыц ашьақәгылара иадҳәалазар ҟалоит ҳәа илшьоит Москвеи аобласти рметеобиуро аҟазауаҩ хада Татиана Поздниакова. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Поздниакова "Российскаиа газета" иалҭаз аинтервиу шьаҭас иҟаҵаны.
"Жәабранмзазы иҟалаз ахьҭа адагьы асы ӷәӷәаны ишьҭан. Аӡынразы арҭ аҟазшьарбагақәа рацәак еинаалом", - лҳәоит аметеоролог.
Поздниакова лазԥхьагәаҭарала ианомалтәу аҭагылазаашьа ҟалоит Москва амза анҵәамҭазгьы. Ахашеи аԥшьашеи асы ӷәӷәаны илеиуеит, нас иԥхаррахоит. Анаҩс 25 градус рҟынӡа еиҭахьҭахоит. Амзабжьаратә ҳауа 4 градуск рыла еиҵахоит анорма аасҭа ҳәа лҳәоит лара.
Лара иазгәалҭоит анорма ақәымшәара шыҟаз 2012 шықәсазгьы, аха усҟан алышәшәақәа еиҳа имаҷын. Аӡынра иатәым аҵааи алышәшәақәеи реицыҟазаара ҳәа илшьоит Поздниакова.
"Атмосфератә еикәшара америдианалра умбарц алшом. Уи иаанаго аҳауа аҽаԥсахуеит ауп. Даҽа ҳауатә аамҭак ашьақәгылара иаҿуп", - лҳәоит аҟазауаҩ.
Убри аан аметеоролог лажәақәа рыла, ари апроцесс сынтәакәым ианалагаз, 7-8 шықәса раԥхьа ахы цәырнагеит.
"Ҳаԥхьаҟа аҳауатә катаклизмақәа еиҳагьы еиҳахар ҟалоит", - ҳәа лҳәеит лара.