Акоронавирус зцәа иалаз даҽа ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукГудаутская ЦРБ
Гудаутская ЦРБ - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2021
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 200-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 26-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, жәабран 27 – Sputnik. Акоронавирус зцәа иалаз даҽа ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иԥсҭазаара далҵит 1958 шықәсазы ииз ахаҵа, иара убас ахәышәтәырҭаҿы рыдунеи рыԥсахит акоронавирустә инфекциа зыдбалаз 1981, 1940, 1941 шықәсқәа рзы ииз хҩык аҳәса.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 42-ы, урҭ рахьтә 32-а акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 14-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 12-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 12-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу быжьҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12814-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12303-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 202-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0