Аԥсны ауахәамақәа рҿы анцәаимҵаныҳәарақәа ирылагеит

© Sputnik Сухумский собор на улице 4 марта
Сухумский собор на улице 4 марта - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аиҳабы аиереи Виссарион Аԥлиа жәабран 20 рзы аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аԥсны ауахәамақәа рҟны анцәаимҵаныҳәарақәа шаанкылахо Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама астатус аҭыԥ иқәҵахаанӡа.

АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ауахәамақәа рҟны анцәаимҵаныҳәарақәа ирылагеит жәабран 27 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аиҳабы аиереи Виссарион Аԥлиа.

Иара уаанӡа иҳәахьан ауахәама аусзуҩцәа агәыӷра шрымоу Москватәи апатриархат ҳуахәама апроблема аӡбара иахаҵгылоит ҳәа, Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама Ақырҭуа уахәама иаҵамыркыкәа астатус ашьақәыргылара иацхраап ҳәа.

"Москватәи апатриархат ҳацхраалоит ҳхала ҳаҟазаара апозициа. Аурыс иашахаҵаратә уахәама ҳадгылоит Аԥсны зхала иҟоу ауахәама ашьақәгылараҟны. Автокефалиа аӡбахә аҳәара макьана изаауп, уажәазы автономиа еиҭашьақәҳаргылароуп. Абыржәтәи аамҭазы аԥсуа католикосат аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп, уи акыр аамҭа зҭаху процессуп. Кавказ иахьаҵанакуа Урыстәыла ада макьана аиашахаҵаратә дин џьаргьы ишьақәдмыргылаӡацт", - иҳәеит иара.

Аиереи иажәақәа рыла, зегь реиҳа ихадоу Аԥсны Ақырҭуа иашахаҵаратә уахәама иадрымҳәалалар ауп.

"Уи аҟаҵара ҳалшеит. Хымԥада, ақырҭцәа уа иақәшаҳаҭхарым, аха зегь реиҳа ихадоу - ҳара ҳаҩнуҵҟа ҳаидгылар ауп. Убасҟан ҳара ҳазҵаара аӡбара иаҳа имариахоит, избанзар уажәы Москва иазеилкааӡом ҳара Константинополь ахь ҳаԥшуоу дара ракәу иаҳҭаху", - иҳәеит иара.

Автономтә Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аиҭашьақәыргыларазы Москватәи апатриархат ацхыраара ҟанаҵоит анцәаимҵаныҳәарақәа аԥсышәала рымҩаԥгараҟны, уи азы Урыстәыла иҷыдоу алитература ҭрыжьлоит, аиҭагаратә комиссиа аусура ҭышәындыртәалоит, Аԥсны иаиулоит ауахәамаҿы иаҭахқәоу амаҭәахәқәа ҳәа азгәеиҭеит аб Виссарион.

Ажәабжьқәа зегьы
0