Бжьаниа Иусбарҭа ахҳәаа анаҭеит уаанӡатәи абжьгаҩ Қырҭтәыла иҟазааразы

© Sputnik Администрация президента
Администрация президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 1 азы асоциалтә ҳақәеи АИХқәеи рҿы ицәырҵит аинформациа Аԥсны ахада иабжьгаҩ Қырҭтәыла иҟазааразы.

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Бжьаниа Иусбарҭа ахҳәаа анаҭеит уаанӡатәи абжьгаҩ Қырҭтәыла иҟазааразы ицәыргаз адырра.

"АИХқәа, асоциалтә ҳақәа рҿы Аԥсны ахада аштатнҭыҵтәи ицхырааҩ Бенур Қәираиа жәабран 25 рзы Қырҭтәылаҟа аиҿцәажәарақәа рзы дышьҭын ҳәа иҳәаз аҭакс ахада ипресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵоит Аԥсны атәылауаҩ Бенур Мамиа-иԥа Қвираиа 2021 шықәса жәабран 19 рзы ахада ицхырааҩыс дахьыҟаз аҟынтә инапынҵақәа шаанижьхьаз, аӡәгьы иара Қырҭтәыла аиҳабыра рацәажәаразы аҽа напынҵак шиимҭацыз азы", - аҳәоит Аԥсны ахада Иусбарҭа АИХқәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа иҳәамҭа.

Ажәабжьқәа зегьы
0