Аҩӡба дзыхдырҟьаз ҳәа идгылаҩцәа гәҩарас ирымоу рҳәеит

© Sputnik Сторонники и родственники Ахры Авидзба собрались у СГБ Абхазии
Сторонники и родственники Ахры Авидзба собрались у СГБ Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахыбра аҿаԥхьа еизаз Ахра Аҩӡба идгылаҩцәеи иуацәеи еимпырц ргәы иҭаӡам иара доурышьҭаанӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Ахра Аҩӡба даанкылазар ҟалоит изакәанымкәа бџьарла еибыҭоу Донецктәи жәлар Рреспублика атәылауаа ахьицу азы ҳәа агәаанагара рымоуп иара иуацәеи идгылаҩцәеи.

Абри азы адырра ҟалеит Аҩӡба иуацәақәак АШәМ ахыбра ианыҩнала ашьҭахь. Дара изларҳәаз ала, Ахра Аҩӡба ицу донецктәи атәылауаагьы аанкылоуп.

Заседание Координационного штаба по защите населения от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Ахра Аҩӡба иуацәеи идгылаҩцәеи Ашәарҭадаратә маҵзура аҿаԥхьа еизеит

Дара Ахра Аҩӡба доурышьҭаанӡа еимпырц ргәы иҭаӡам.

Ахра Аҩӡба даанкылоуп ҳәа адырра ҟалеит хәажәкыра 4 ахәылԥаз. Уи ирҵабыргит изааигәоу ауаҩы.

Азинхьчаҩцәа иҩны иакәшаны игылоуп, аԥшаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа ааицҳаит акоррреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзураҟны ари аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭом.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0