Аԥсны даҽа 21 акоронавирустә хҭыс ҿыц ашәҟәы иҭагалоуп

© Sputnik / Владислав Воднев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроизводство вакцины Sputnik V в Казахстане
Производство вакцины Sputnik V в Казахстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12952-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12400-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 203-ҩык.

АҞӘА, хәажәкыра 5– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 234-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 21-ы акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 34-ҩык, урҭ рахьтә 21-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп фҩык, ибжьаратәуп -16-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 14-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0