Ахра Аҩӡба идукат еилылкаауеит аӡбарҭа-гәаҭаратә материалқәа ирҭоу ирымҭоу

© Sputnik / Томас ТхайцукМитинг у здания МВД
Митинг у здания МВД - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2021
Анапаҵаҩра
Ахра Аҩӡба иуацәеи иҩызцәеи Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аԥхьа еизеит амҽыша, хәажәкыра 7 рзы. Дара аӡбарҭа аӡбамҭа иазыԥшуп.

АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Ахра Аҩӡба идукат Инга Габилаиа АШәМ ахь дааит. Лара илымоу аинформациала, ззинқәа лыхьчо идырҵо ахара шихараҵәҟьоу атәы зыршаҳаҭуа аӡбарҭа-гәаҭаратә материалқәа ирымҭаӡеит, закәанла инапаҿы иидыркраны иҟан иаанкылара аҿҳәара нҵәаанӡа аа-сааҭк зыбжьоу.

Габилаиа илымоу адырра аилкааразы АШәМ ахыбра дыҩналараны дыҟан, аха макьана уахь днарышьҭӡом.

Адукат лажәақәа рыла, Аҩӡба ашәҟәқәа ирымҭазар, уи зинеилагароуп.

Аҩӡба иаанкыларазы азыҳәара иахәаԥшразы аӡбарҭаҿы аилатәара ҟалараны иҟоуп, аха аамҭа еилкаам.

Ахра Аҩӡба акрыфареи акрыжәреи мап рцәикит. Сааҭқәак раԥхьа иуацәа имаҭәақәа ирҭараны иҟан, аха уигь залмыршахеит.

Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡбеи иҩызцәа хәҩыки аанкылан хәажәкыра 4 рзы, дара ахара рыдарҵоит заанаҵ еибыҳәаны изакәанымкәа абџьар рҵәахуан ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0