Ԥлиа атәыла Ахада иабжьгаҩ изы: даара аԥышәа имазароуп, ишықәсгьы ԥыҭк ицароуп
"Абжьгаҩ изы ҳәа ҳара азакәан хазы иҳамаӡам, уи ԥҟаран иҟоуп. Иара аҳәынҭқарра аиҳабы ҩнуҵҟала идикылаз аԥҟарала аус уа дааиуеит. Аиҳабы цхырааҩс ауаҩы даналих, дыцхырааҩзароуп. Аиҳабы ишахәҭоу дирманшәалароуп. Уигьы ажәлар ргәаҿы днеироуп, ажәлар ирыдыркылозароуп иара иусура. Иалухуа ауаҩы аҵара имазароуп, аморалтә ҟазшьа бзиа имазароуп, аԥышәа имазароуп, ажәлар дырдыруазароуп. Абас иҟоу ауаҩы далхтәуп. Уи аҳәара мариоуп, ус иԥшаара мариам, аха ажәлар рҿы ицәажәо зегь рыла дыцқьаӡа дыҟазароуп. Машәырла ҳҳәынҭқарра иахагылоу иааигәара дыҟамзароуп. Араҟа иаарԥштәуп принципк, ауаҩы зегь рыла дҟазазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ԥлиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.