АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik. Владимир Путин иаԥшьгарала Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани ҭелла драцәажәеит хәажәкыра 11-12 рзы, ҳәа аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Аганқәа Ашьха Ҟарабахтәи аимак аҭышәныртәалара амҩақәеи арегион аҿы иҟоу апроблемақәа рыӡбаразы ашьаҿақәеи ирылацәажәеит. Иазгәарҭеит, аимак азонаҿы ахымца аанкыларазы ирыдкылаз аиқәшаҳатра еилагарада ишыҟоу, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.
Азербаџьани Ермантәылеи рхадацәа Урыстәылатәи аҭынчреиҿкааҩцәа русура ахә ҳаракны иршьеит.
Ажьырныҳәа 11, 2021 шықәсазы Владимир Путин дырԥылеит Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани. Аиԥылараҿ иӡбан атәылақәа рыбжьара аихамҩатә еимадара ахацыркра.
Иазԥхьагәаҭоуп аихамҩа Азербаиџьан мрагыларатәи ахәҭала ииасуеит, Ермантәылагьы 1992 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Урыстәылаҟа адәыӷбақәа дәықәнаҵап, иара убасгьы Иран ахь анеирҭа аиууп ҳәа. Бақәа акәзар 30 шықәса раахыс Нахичевантәи автономтә республикеи Ҭырқәтәылеи аҽрымадара алшо иҟалоит.
Жәабран 8 рзы Аԥсны Апарламент Урыстәыла Аҳәынҭдумахь адырра ҟанаҵеит ареспублика шазыхиоу Аԥсны иалсны Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара ашьҭра.