Хагәышь еиҭеиҳәеит аԥсшәа аҵаразы акурсқәа ирԥеиԥшхо атәы
"Апандемиа ҟалаанӡа акурсқәа раионцыԥхьаӡа иааҳартит Гал инаркны Гагранӡа. Мызки бжаки, ҩымз рҟынӡа урҭ мҩаԥаагеит, аха ачымазаразы ашәарҭара аныҟала, иаанаҳкылеит, урҭ ирыцаҳҵоит. Ашколқәа рҟны аусура иалагазар, ҳаргьы ҳалагоит. Абызшәатә курсқәа рнаҩсгьы, хазы иҟоуп аусеилыргаратә курсқәа аусбарҭақәа рзы. Урҭ есышықәсатәи ҳаплан аҟны иарбоуп. Аҳәынҭқар иганахьала иигаз аҭакԥхықәра анагӡара ҳаҿын, аха иаанаҳкылар акәхеит. Сгәаанагарала, иааиуа амза алагамҭазы ҳазҿыз акурсқәа раионцыԥхьаӡа ирыцаҳҵоит ҳәа", - иҳәеит Хагәышь.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.