Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҳәԥҳа галтәи ашколқәа рҿы аԥсшәа дырҵаразы: даара ирцәыцәгьахьеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Эльмира Ахуба
Эльмира Ахуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион аҵара аусбарҭа аԥсуа бызшәазы аметодист Ельмира Аҳәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашколқәа рҿы аҿкы чымазаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы, насгьы аҵаратә процесс аиҭашьақәыргыларазы аметодика иалагалаз аиҭакрақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҳәԥҳа галтәи ашколқәа рҿы аҵаратә процесс иазкны

"Актәи абжьаратә школ аҿы хҩык арҵаҩцәа чмазаҩцәоуп. Аҩбатәи ашкол аҟынтә хҩык алкаан, урҭ рахьынтә хҩык аусурахь иҭыҵхьеит. Дара зегьы ачымазара марианы ирхыргеит. Аҵаҩцәа рахьынтә макьана аӡәгьы далкаам. Арҵаҩцәа рыҟамзаара аҵара процесс ианыԥшит ҳәа узҳәаӡом, избанзар, урҭ зыԥсахуаз арҵаҩцәа ыҟан. Ахәыҷқәа шныҟәац иныҟәоит, ишақәнаго еиԥш зегьы рмаҭәарқәа ирхысуеит. Ашколқәа рҿы лассы-лассы агәаҭарақәа мҩаԥаагоит, иаԥҵоу аԥҟарақәа иахьынӡарықәныҟәо аилкааразы", - ҳәа азгәалҭеит Аҳәԥҳа.

Аҳәԥҳа еиҭалҳәеит амшԥҵәатәқәа ахьыҟоу ашколқәа рҿы аҵаратә процесс шымҩаԥысуа, арҵаҩцәа уи ирызцәырнаго ауадаҩрақәа ртәы.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0