Аибашьра ашьҭахь ирӷьычыз аныхачаԥа Камантәи ауахәамахь идыргьежьит, ирыԥшьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИкона Игнатия Киут
Икона Игнатия Киут - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Анапаҵаҩра
Иоанн Ахьҿы иныхачаԥеи иԥсымеи идырым џьоукы Камантәи ауахәама идәылганы иргеит 1994 шықәсазы.

АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. 26 шықәса раԥхьа иӷьычыз Иоанн Ахьҿы иныхачаԥа Камантәи ауахәама иазыргьежьуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥшьа Иоанн Ахьҿы Камантәи иберҭыԥ ахылаԥшҩы Игнати Киут.

"Ааигәа еилкаахеит аныхачаԥа Аԥсны Афырхаҵа, аибашьҩы, уажәы Шәачатәи аргыларатә  еилахәырақәа руак аҿы аус зуа  иднагалеит ҳәа. Иара аныхачаԥа Аԥсныҟа  иааигеит, ауахәама иазирхынҳәырц ӡбаны. Иацы иҩызцәеи иареи еицны аныхачаԥа аҭыԥ ахь иааргеит", - иҳәеит Киут.

Анцәаимаҵзуҩы иажәақәа рыла аныхачаԥа акыр ишжәытәу убоит. Иоанн Ахьҿы иарӷьанапы асахьаҿ иԥсыбаҩ ахәҭаҷ ҭагылоуп.

26 шықәса раԥхьа ирӷьычыз, Камантәи ауахәамахь иргьыжьу ари аныхачаԥа рыԥшьеит хәажәкыра 14 рзы.

"Ф-сааҭк имҩасуаз Анцәа имҵаматанеира мҩаԥаагеит ауахәамаҿы (хәажәкыра 14 рзы - аред.), Камантәи ауахәамахь иргьежьу аныхачаԥа ҳаԥшьеит. Ауаа даара ирацәан. Зегьы рзы иџьашьахәын иара ахынҳәышьа. Инашаноуп ҳәа рҳәеит. Даара агәахәара ду сымоуп аныхачаԥа ахьаҳзыгьежьыз", - иҳәеит аԥшьа Иоанн Ахьҿы  Камантәи иберҭыԥ ахылаԥшҩы Игнати Киут.

© Sputnik / Томас ТхайцукИкона Игнатия Киут
Аибашьра ашьҭахь ирӷьычыз аныхачаԥа Камантәи ауахәамахь идыргьежьит, ирыԥшьеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2021
Икона Игнатия Киут

Иоанн Ахьҿы иныхачаԥеи иԥсымеи идырым џьоукы Камантәи ауахәама идәылганы иргеит 1994 шықәсазы. Киут иҳәеит аԥсыма ахьыҟоугьы шеилкаау, Москва ишыҟоу.

"Аныхачаԥа ҳаззырхынҳәыз иҳәеит аԥсыма архынҳәра иҽшазишәо. Ари аус бааԥс зымпыҵҟьаз дҳаздырам ҳара, аха иҟоуп дыздыруа убри аан измырзо", - иҳәеит аб Игнати Киут.

Иара еиҭеиҳәеит аибашьраан Очамчыра инхоз аӡәы аныхачаԥақәа шиҵәахыз, уи ибзоураны еиқәхеит аныхачаԥақәа жәпакы. Аибашьра ашьҭахь урҭ ауахәама иазирхынҳәит.

Ажәабжьқәа зегьы
0