"Зылшарақәа ԥку Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа ашәҟәы реиҭаҭаҩра аус хацыркын 2020 шықәса рзы. Апандемиа аҽарӷәӷәаанӡа 1200 раҟара ахысит, урҭ рахьынтә 120-ҩык рҟынӡа рус азҵаарақәа цәырнагеит, урҭ рсиа шьақәыргылоуп. Егьырҭ иаанхаз зегьы макьана иахымсыцт. Ачымазара ҿкы ҳԥырхагахеит. Мышқәак роуп иагу араионқәа зегьы рҿы ҳфилиалқәа раартра, аԥҭекақәа арионқәа зегьы рҿы аусура иалагараны иҟоуп. Зегьы рраионқәа рҟны иантәалак, ашәҟәы аиҭаҭаҩра аус еиҭа хацыркхоит. Аршаҳаҭга ҿыцқәа ҟаҵахоит, зегьы еиԥшны ирымазарц. Зыгәра ҳамго аветеранцәа анаҩс еиҭа агәаҭарақәа ирхысуеит. Иҟоуп ажәыларақәа ирылахәыз, иҟоуп аибашьра иалахәыз ҳәа. З000-ҩык иҟоу аинвалидцәа рыбжьара абри зегьы еилыргатәуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ашәуа: аинвалид имоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы зегьы ҳахшыҩ еилаҵатәуп