https://sputnik-abkhazia.info/20210316/Mart-1993-shysa-imanshalamkhaz-akha-aiaaira-iakhykhyrakhaz-azhylara-1032018301.html
Март, 1993 шықәса: иманшәаламхаз, аха аиааира иахыҵхырҭахаз ажәылара
Март, 1993 шықәса: иманшәаламхаз, аха аиааира иахыҵхырҭахаз ажәылара
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы угәы ҭызшьаауа ахҭысқәа иреиуоуп Марттәи ажәылара. Шәахәаԥш Sputnik афотолентаҿы еизнагаз 1993 шықәса март 14-21... 16.03.2021, Sputnik Аҧсны
2021-03-16T17:55+0300
2021-03-16T17:55+0300
2021-03-17T00:16+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/10/1032023357_0:40:1281:760_1920x0_80_0_0_6a5386fb71bd57f9d7592200ab9134d3.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2021
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/10/1032023357_106:0:1173:800_1920x0_80_0_0_d749637a76dc0c1af691cd4c0a72bf33.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
афотосахьақәа
Март, 1993 шықәса: иманшәаламхаз, аха аиааира иахыҵхырҭахаз ажәылара
17:55 16.03.2021 (ирҿыцуп: 00:16 17.03.2021) Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы угәы ҭызшьаауа ахҭысқәа иреиуоуп Марттәи ажәылара. Шәахәаԥш Sputnik афотолентаҿы еизнагаз 1993 шықәса март 14-21 ирыбжьанакыз аамҭазы иҭыхыз афотосахьақәа.
1993 шықәса хәажәкыра 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, рнапаҿы иааргеит ихадаз астратегиатә ҳаракырақәа, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Ари ишьаарҵәыраз ажәылараан иҭахеит 222-а аԥсуа еибашьцәа. 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Ажәылара ахықәкы шынамӡазгьы, аветеранцәа иазырԥхьаӡоит иара аибашьра ацашьа аԥсахеит, аиааира иахыҵхырҭахеит ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Аҟәа ақалақь уахьналаԥшуа, Гәымсҭа мраҭашәаратәи аԥшаҳәаҟынтә

Марттәи ажәылара рҽазыҟарҵоит 2-тәи адесант-жәыларатә баталион

Марттәи ажәылара рҽазыҟарҵоит 2-тәи адесант-жәыларатә баталион

Гәымсҭа аладатәи аихамҩатә цҳа.

Аҩада Ешыра. Ажәылара аԥхьа Татиана Цәеиба лабхәында иԥа дилабжьоит.

Марттәи ажәылара алагамҭаз аӡӷабцәа тәаны адҵа иазыԥшуп.

Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост

Март 17 1993 ш. Аҩада Ешыра. Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан.

Март 17 1993 ш. Аҩада Ешыра. Ажәылараҟынтәи зыԥсы ҭаны ихынҳәыз Гыруаԥшь Едик ила иабаз ахҭысқәа еиҭеиҳәоит.

Аԥшыхәратә гәыԥ "Сатурн-Ураган"

Дмитри Аргәын. 17.03.1993 ш. Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан.

Ахынҳәра. Март 17-18. Аҩадатәи Ешыра. 2-тәи аԥыԥшырҭа.

Март 16 1993 ш. Ашьыжь. Аҩада Ешыра, аимадара зду.

Ажәылараҟынтәи ахынҳәраан. 2-тәи апост

Зураб Хагәышь, Инга Габниаԥҳа, Дима Аргәын. 17 03.1993 ш. Аҩада Ешыра.

Аҩада Ешыра. 2-тәи апост.

Ҳаибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ианыруаз