АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 182-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 27-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 37-ҩык, урҭ рахьтә 22-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп жәҩык, ибжьаратәуп - 17-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 19-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - жәаҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы иахьа дылрыҩҩаит аҵыхәтәантәи апациент.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>