Пицундатәи ҽынлатәи астационар аҿы COVID-19 змоу апациентцәа ыҟамижьҭеи мызк ҵуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоссийский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов
Российский военный госпиталь в Сухуме принял первых пациентов  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 28 рзы Пицунда ҽынлатәи астационар COVID-19 змоу рзы иаадыртит.

АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Пицундатәи ҽынлатәи астационар аҿы COVID-19 змоу апациентцәа ыҟамижьҭеи мызк ҵуеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит афельдшер, адефектолог-логопед Мадина Шамԥҳа.

"Акоронавирустә инфекциа змаз аҵыхәтәантәи апациент ипроцедурақәа дырхысит жәабран 15 рзы. Астационар уажә аус ауам, аха иаҭахханы иҟалар иаразнакы иааҳартуеит. Ақалақь аҿгьы ачымазара ԥсыҽхеит. Уи агәахәара ҳнаҭоит", - лҳәеит лара.

Шамԥҳа илҳәеит 2020 ԥхынҷкәын 28 инаркны 2021 шықәса жәабран 15 рҟынӡа 80 пациент шрыдыркылаз.

Ԥхынҷкәын 28 рзы Пицунда ҽынлатәи астационар COVID-19 змоу рзы иаадыртит. Арахь инеир алшон ибжьаратәуи ицәгьами аҭагылазаашьа змоу ауааԥсыра. Дара ара апроцедурақәа ирхысуан. 12 иараҭыԥ аман. Астационар аусура алагара аламҭалаз иԥсахын афымцатә цәаҳәақәа, иқәыргылан арԥхагақәа, Аҟәантәи акварц лампақәа наган.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0