Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба НАТОи Урыстәылеи Амшын еиқәаҟны "реиндаҭларазы": агәаҽанызаара аарԥшлатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Хагба
Беслан Хагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Анапаҵаҩра
Ҩадаатлантикатәи аидгылеи Урыстәылеи Амшын еиқәаҿы "реиндаҭларақәа" ахьынӡашәарҭоу азы арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Ҳагба НАТОи Урыстәылеи Амшын еиқәаҟны "реиндаҭларазы": агәаҽанызаара аарԥшлатәуп

Урыстәыла аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаанацҳауеит Ҩадаатлантикатәи аидгыла зеиԥшыҟам активра шаанарԥшуа мраҭашәаратәи аҳәаақәа рҿы. Аидгыла арҭбааразы аԥшьгамҭақәа хьӡыс ирырҭоит "Урыстәалатәи агрессиа аанкылара" ҳәа. Ҩадаатлантикатәи аидгылеи (НАТО) Урыстәылеи "реиндаҭларақәа" ҳтәыла ианыԥшыр шԥалшо, ашәара ыҟоума Аԥсны азы - абриИгәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.

"Ҳара Амшын еиқәа иаԥну атәылақәа ҳреиуоуп азы, есқьынагьы абас аибарххарақәа раан шәарҭарак цәырымҵыр ҟалом. Ас еиԥш ахҭысқәа раԥхьа иргыланы изыхҟьаз 2008 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара ашьҭахь, Амшын еиқәа аганахьала Ҩадаатлантикатәи аидҵара, НАТО ҳәа изышьҭоу, арратә мчқәа хәыҷы-хәыҷы рыҽдырӷәӷәо иалагеит. Уи ашьҭахь иҟалеит 2014 шықәсазтәи ахҭыс, Ҟрым Украина иадҵны Урыстәыла иадлеит. Уи ашьҭахь аибарххара аҩаӡара иазҳаит... Аԥсны азы ашәарҭара даара иӷәӷәоуп ҳәа сҳәом, аха идырны иҳамазароуп арҭ ахҭысқәа зегьы ҳакәша-мыкәша ишымҩаԥысуа. Украинеи Қырҭтәылеи Ҩадаатлантикатәи аидгыла аиҳабцәа ирарҳәеит дара иӷәӷәаны, инарҭбааны аҭагылазаашьа шрымоу аидгыла алаларазы… Арҭқәа урыхәаԥшуазар ашәарҭара иаҳа иазҳаит. Ҳара ҳшәарҭадаразы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит Урыстәылатәи Афедерациа, аха агәаҽанызаара еснагь иаҭахуп", - иҳәеит Ҳагба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0