00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Саманба раԥхьатәи аԥсуа школ азы: уаҩы иааџьеишьаратә иҟоуп арҵаразы иҟаз аҭагылазаашьа

© Sputnik / Марианна Кубрава Леонид Саманба
Леонид Саманба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Анапаҵаҩра
170 шықәса ҵит Аԥсны раԥхьатәи ашкол Оқәым ақыҭан иаатижьҭеи. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ нага Леонид Саманба арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит уи аартра шыҟалаз, аҵараҵаразы иҟаз аҭагылазаашьа атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Саманба Оқәым раԥхьатәи аԥсуа ашкол аартра аҭоурых иазкны

"Оқәым ашкол аартразы иџьабаа дуӡӡоуп аԥшьаҩы Давид Маҷавариани. Усҟантәи аамҭазы иара аҵара ду змаз иакәны дыҟан. Ашкол ахь иааиуаз ахәыҷқәа рықәра ахыԥан иҟан, 8, 9, 10 шықәса зхыҵуаз ракәын, урҭ рыдагьы иҟан 20 шықәса зхыҵуазгьы. Дара хықәкыла иҟарҵоз, ауахәама иадҳәаланы ақьырсианра Аԥсны аларҵәара акәын. Иара аԥсуа школ ахьӡын, аха арҵара урыс бызшәала акәын ишымҩаԥысуаз. Ахәыҷқәа хәба-быжьба километр иахысны иаауан ашкол ахь. Маҷавариани аԥхьара, аҩра дирҵон. Аурыс классикатә ҩымҭақәа дирдыруан аҟынтә, ахәыҷқәа аинтерес рыман. Араҟа иҟан ацқьаҩыра. Усҟан алҩақ ԥшааны, убри ирӡыҭны, аҟыз амҵәыжәҩа ахыӡқәа рыла, ақьаад ҽыҭқәак ршьамхы иқәкны ауп ишыҩуаз. Хыбрасгьы ирымаз қьалак аҳасабала акәын ишыҟаз, аҭырас ақәҵаны. Уаҩы иџьеишьаратәы иҟоуп аҭагылазаашьа. Усҟантәи аамҭазы уа аԥсуаа рацәаҩын, анаҩс ашьҭахь агырқәа иаҳа ирацәахеит", -  еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0