АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла аурыс-аԥсуа ҳәааҿы апассаџьырцәа 20 нызқьҩык рҟынӡа ииасуеит, атранспорттә хархәагақәа – 2 нызқь рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аҳәаахьчаратә напхгараҭара апресс-маҵзура.
1,5 миллионҩыки 400 нызқь автотранспорти ашықәс иаалагазар Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа иахысит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аҳәаахьчаратә напхгараҭара апресс-маҵзура.
Адокументқәа ргәаҭара аамҭа хаҿык изы х-минуҭк рҟынӡа иагоит. Адокументқәа рганахьала аҳәаахьчаҩ гәыҩбарак иоур, ҿырҳәала дҭиҵаар илшоит.
Аҳәаахьчаратә напхгараҭараҿы ирҳәоит аҳәаа ахысра азин шыҟоу адокумент иашахаҭақәа рымазаараан.
"Атәылауаҩ аҳәаа ахысра игәы ианҭоу итәылауаҩшәҟәы аҿҳәара шымцахьоу гәеиҭароуп, адокумент ахаҭа аԥхасҭа амамзароуп, азакәанԥҵара ззин ҟанамҵо адыррақәа алагаламзароуп", - ҳәа азгәарҭоит апресс-маҵзураҿы.
Аҳәаа ахысраан уадаҩрак ҟалар, атәылауаа Аҳәаахьчаратә напхгараҭарахь аҭел иасыр рылшоит абри аномер ала: 8(861) 219-90-40, иахашшаар ҟалоит амаҵзурауаҩ иусура (иусмура) дара рзинқәа еилеигазар.