АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 183-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 26-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Хәажәкыра 23 рзы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа - 1942 шықәса ииз ахаҵеи 1961 шықәсазы ииз аԥҳәыси. Рыҩџьагьы ирзышьақәыргылан адиагнозқәа - акоронавирустә инфекциеи ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 30-ҩык, урҭ рахьтә 25-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 9-ҩык, ибжьаратәуп - 18-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 30-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>