Гал араион аҿы хәҩыуаак аанкылоуп анаркотикқәа рыдыркылон ҳәа агәҩара ҟаҵаны

© Sputnik / Томас ТхайцукМилиция
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2021
Анапаҵаҩра
Иаанкылоу ирылоуп Гал араион ақыҭақәа руак ахада, "Амшынеиқәафымцамч" араионтә филиал аинспектор.

АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Гал араион аҿы хәҩыуаак аанкылоуп анаркотикқәа рыдыркылон ҳәа агәҩара ҟаҵаны ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Аоператив-профилактикатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргон хәажәкыра 23 рзы Гал араион аҿы Аԥсны ААР, ашьаусԥшаареи, Аԥсны ААР акоррупциа аҿагылареи аекономикатә шәарҭадареи Русбарҭеи, аҳәынҭавтоинспекциеи, ААР Гал араион аҟәша русзуҩцәеи еицхырааны.

В результате проведения оперативно-профилактических мероприятий в Галском районе 23 марта текущего года сотрудниками...

Опубликовано Милиция Абхазии Среда, 24 марта 2021 г.

Иаанкылаз дрылоуп Гал араион ақыҭа Хашҭа ахада Беслан Туркиа, 1987 шықәсазы ииз. Туркиа, Гәылрыԥшь араион Агәыӡера ақыҭатәуп, идикылон метадони аканнабиноидқәеи.

Хәажәкыра 24 рзы Галтәи араионтә ӡбарҭа Беслан Туркиа иқәнаҵеит иреиҵаӡоу аулафахәы (МРОТ) иақәшәо 70 хышәаҵышәа ашәара.

Амедицинатә гәаҭара ахысра мап ацәикит Иракли Лакрба, 1978 шықәса рзы ииз, Очамчыра инхо, "Амшынеиқәафымцамч" араионтә филиал аинспектор Галтәи араионтә ӡбарҭа аӡбрала Иракли Лакрба иқәҵоуп иреиҵаӡоу аулафахәы (МРОТ) иақәшәо 70 хышәаҵышәа ашәара.

Статуя Фемиды  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2020
Аԥсны партиа дула анаркотикқәа рыҭиразы ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп

Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭантәи Асҭамыр Лагәлаа, 1969 шықәса рзы иизгьы аметадон идкыланы дыҟан. Иара иқәҵоуп иреиҵаӡоу аулафахәы (МРОТ) иақәшәо 800 хышәаҵышәа ашәара.

Галтәи араионтә ӡбарҭа изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкыларазы 15-уахы-ҽны рықәнаҵеит Георги Шариа, 1978 шықәса рзы ииз, Гал инхо, Онис Хубилаа, 1974 шықәса рзы ииз, аамҭала Гал араион аҿы инхо, Украина атәылауаҩ.

Амилициа аусзуҩцәа ирҳәо ацымныҟәаразы 10 уахи-ҽни дҭакхоит Гал араион инхо Леван Хасаиа, 1972 шықәса рзы ииз.

Ажәабжьқәа зегьы
0