АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Ақырҭуа напхгара изаамҭанытәиу рыхӡыргаратә акциоуп ҳәа ахырҳәааит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра алаҵаҟаҵараҿы рыцхраара ишазыхиоу ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа.
"Ҳара Қырҭтәылеи иара анапхгареи рыцхыраара ҳаҳәо ҳаҟам. Ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵараҿы ҳастратегиатә партниор – Урыстәыла ацхыраара ҳнаҭоит. Хара имгакәа Аԥсны ауааԥсыра урыстәылатәи аҵарауаа иаԥырҵаз алаҵа рзыҟаҵара ҳалагоит", - аҳәоит Аусбарҭа аҳәамҭаҿы.
Ақырҭуа ган ажәадгала аԥснытәи аган зынӡагьы иахәаԥшырц агәҭакым ҳәа рҳәеит ахада Иусбарҭаҿы.
Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи руааԥсыра алаҵаҟаҵараҿы рыцхраара ишазыхиоу ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡе хәажәкыра 30 азы имҩаԥылгаз абрифин аҿы.
Қырҭтәыла коронавирус аҟынтә алаҵақәа ҩба рхы иадырхәоит – AstraZeneca, Pfizer.