Акоронавирус злаз пациентк иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

© AFP 2023 / DAVID GANNONНабор для экспресс-теста на антиген Covid-19 представлен в Берлине
Набор для экспресс-теста на антиген Covid-19 представлен в Берлине - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 184-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 30-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.

АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. Хәажәкыра 30 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә инфекциа ҿыци ҩ-ганктәи аполисегментартә гәыҵәкреи ззышьақәыргылаз, 1941 шықәса рзы ииз апациент, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 26-ҩык, урҭ рахьтә 21-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп жәҩык, ибжьаратәуп - 14-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 31-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 12-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ҩыџьа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13428-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12876-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 214-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0