00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ ҿыц далхуп

© SputnikВерховный суд
Верховный суд - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Иреиҳаӡоу атәылауаҩратә, административтә усқәа, административтә зинеилагарақәа, уҳәа ирзырхоу иреиҳаӡоу ӡбарҭатә усбарҭоуп.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Апарламент адепутатцәа Сафарбеи Мқанба икандидатура иахәаԥшит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩык иаҳасаб ала. Акандидатура Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 69 инақәыршәаны атәыла ахада Апарламент ахь инаишьҭит.

Мқанба Сафарбеи Тарас-иԥа икандидатура рыдгалан 2021 шықәса жәабран 22 рзы Аԥсны аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа иҟарҵаз абжьагарала.

Абжьыҭараан 29-ҩык адепутатцәа рыбжьы ирҭеит, ҩыџьа акандидатура мап ахырҳәааит. Абас ала, Сафарбеи Мқанба Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп.

Мқанба Сафарбеи Тарас-иԥа диит 1961 шықәса мшаԥы 9 рзы, Аԥснытәи АССР Гәдоуҭа араион Афон ҿыц ақалақь аҿы.

1986 шықәсазы Аԥснытәи ААУ аҭоурых-зиндырратә факультет қәҿиарала далгеит.

1987 шықәса мшаԥымза инаркны Аҟәа ақалақь апрокуратураҿы аус иуан, нас – Тҟәарчал ақалақь апрокуратураҿы.

1990 шықәса абҵара 21 инаркны 1993 шықәса жьҭаара 29 рзынӡа Тҟәарчал ақалақь апрокурорс дыҟан.

1993 шықәса жьҭаара 29 инаркны 2001 шықәса абҵара 12 рҟынӡа Аҟәа араион апрокурорс дыҟан.

2001 шықәса абҵара 12 – 2007 шықәса жәабран 7 – Аԥсны апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ.

2007 шықәса жәабран 7 – 2014 шықәса рашәара 5 – Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор хада.

Дҭаацәароуп. Ҩыџьа аԥҳацәа драбуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0