АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Асистема "АԤРА" атранзакциа ахышәаҵышәа 2021 шықәса актәи аԥшьбаразы 4,29 миллиард мааҭ инаӡеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны абанк асаит.
Имҩаԥго аоперациақәа реилазаараҿы АԤРА ахсаалагақәа 51,9% ыҟоуп, жәларбжьаратәи аԥарашәаратә системақәа рыхсаалагақәа –38,3%, аԥарашәаратә система "Мир" ахсаалагақәа– 9,8%.
Аԥарашәаратә система "АԤРА" ала имҩаԥго атранзакциақәа 2021 шықәса актәи аԥшьбараз 22,3% ма 782 миллион мааҭ рыла еиҳахеит ииасыз ашықәс абри аамҭазы аасҭа.
Асистема АԤРА ала Урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа роперациақәа 2021 шықәса актәи аԥшьбаразы 60% ма 774 миллион мааҭ рыла еиҳахеит, ишьақәнартәоит 2,063 миллиард мааҭ. Асистема "Мир" ахсаалагақәа рыла ашықәс иаалагазар имҩаԥган 419 миллион мааҭ роперациа, ари 2020 шықәса иара абри аамҭа аан аасҭа 208,1% ма 283 миллион мааҭ рыла еиҳауп.
2021 шықәса актәи аԥшьбара арбагақәа рыла атауарқәеи амаҵзурақәеи рыхәԥса ашәаразы напынҵадатәи аоперациақәа 930 миллион мааҭ рыхә мҩаԥган, ари ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 70% ма 383 миллион мааҭ ыҟоуп. Напынҵадатәи аоперациақәа рызҳара шаҳаҭра ауеит абанктә хсаалагақәа зку Аԥсны аҵакыраҿы еиҳа активла ахрархәара ишалагазатауарқәа, аусурақәа, амаҵзурақәа аԥара рыхшәааразы.
Урыстәылатәи абанктә хсаалагақәа зку ахәаахәҭра-маҵзуратә наплакқәа рҿы 860 миллион мааҭ рыла хәшәара мҩаԥыргеит, ахсаалагақәа "Мир" зкыз – 151 миллион мааҭ рыхә. Ари 2020 ашықәс иаҿырԥшны 259,5% ма 109 миллион мааҭ рыла еиҳауп.
АԤРА ахсаалагақәа рыла анапынҵадатә операциақәа 2021 шықәсазтәи аҳасабырбала 70 миллион мааҭ ҟарҵеит, ииасыз ашықәс иадкыланы –105,1% ма 36 миллион мааҭ рыла еиҳахеит.
2021 шықәса актәи аԥшьбараан абанктә хсаалага АԤРА World зку Аԥсны анҭыҵ 10,57 миллион мааҭ рыхә аоперациақәа мҩаԥыргеит. 2020 шықәсазы ари арбага 5,71 миллион мааҭ ыҟан.