Аԥсны ахылаԥшратә палата 2020 шықәсазтәи агәаҭарақәа еихнашьалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахылаԥшратә палата 2020 шықәсазы абиуџьеттә еиҿкаарақәа русушьа агәаҭаразы жәа-плантә гәаҭараки аплан иаламыз гәаҭараки мҩаԥнагеит.

АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Аԥсны ахылаԥшратә палата 2020 шықәсазтәи агәаҭарақәа реихшьаала мҩаԥнагеит аревизиатә усбарҭа аколлегиаҿы мшаԥы 1 азы.

Прокуратура. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.01.2021
Амиллиардқәа рус: ишԥаҭырҵаауеи Аԥсны аекономикатә цәгьоурақәа

Аҳасабырбатә аамҭазы Аԥсны ахылаԥшратә палата абиуџьеттә еиҿкаарақәа русушьа агәаҭаразы жәа-плантә гәаҭараки аплан иаламыз гәаҭараки мҩаԥнагеит.

"Агәаҭаратә уснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны 56 обиект русушьа ҭҵаан. Жәлар Реизарахь 11 материал нашьҭуп. Заанаҵтәи аоперативтә гәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны 32 хыркәшаратә ус ҳадкылан. Урҭгьы Апарламент ахь инашьҭын. Имҩаԥган аколлегиа аилатәарақәа 14. Иара убасгьы аматериалқәа ԥшьба Апрокуратура хадахьы ишьҭын. Афинансқәа рминистррахь  инашьҭын х-дыррак", - ҳәа иҳәеит Ахылаԥшратә палата ахантәаҩы Роберт Аршба.

  • Аревизиатә уснагӡатәқәа раан иаарԥшын миллиардки бжаки иреиҳаны  аилагарақәа:
  • Абиуџьеттә закәанԥҵара аилагарақәа – 390 миллион мааҭ инеиҳаны,
  • Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы азакәанԥҵара аилагара – 32 миллион мааҭ инеиҳаны,
  • Аҳасабеилыргаратә ҳасабырбаз азакәанԥҵара аилагара – 465 миллион мааҭ инеиҳаны,
  • Аҳәынҭқарратә хатәтәра ахархәараан аилагара – 22 миллион мааҭ инеиҳаны,
  • Хықәкылада абиуџьеттәии абиуџьетнҭыҵтәии ԥара ахархәара – 182 миллион мааҭ инеиҳаны,
  • Абиуџьеттә ԥарақәа хра рымамкәа ахархәара – 65 миллион мааҭ инеиҳаны.
  • Егьырҭ аилагарақәа – 300 миллион мааҭ инеиҳаны.

Роберт Аршба анагӡаратә мчрахьы аҳәара ҟаиҵеит Ахылаԥшратә палата иазыӡырҩырц. Иазгәеиҭеит аревизиатә усбарҭа есышықәса аилагарақәа шазгәанаҭо. Убри аан Аршба иазгәеиҭеит ҷыдала азхьаԥшра  шаҭатәу  аҳасабеилыргаратә ҳасабркра.

Ахылаԥшратә палата анапхгаҩы иажәақәа рыла, макьаназы ирацәоуп иазырхиам, ирыдкылам анормативтә актқәа.

Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2021
Аԥсны Апарламент 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект аднакылеит

Ахылаԥшратә палата анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Оҭырба иазгәеиҭеит аревизиатә усбарҭа 2020 шықәсазтәи аҳәынҭусбарҭақәа русура агәаҭара ишацнаҵо. Акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны Ахылаԥшратә палата планла иазгәаҭаз ауснагӡатәқәа зегьы азымҩаԥымгеит.

"Акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны ҳусурақәа акыр ишьшьылаҳахеит, заанаҵтәи ахылаԥшреиԥш аоперативтә хылаԥшраҿгьы. Ашықәстә план нагӡамхеит. Ҳазхьымӡаз ауснагӡатәқәа 2021 шықәсахьы ииасуеит", - ҳәа иҳәеит Оҭырба.

Ахылаԥшратә палата аҳасабырбатә материалқәа Жәлар Реизарахь инашьҭуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0