Песков: Урыстәыла атәылауаа рзы Қырҭтәылаҟа ацара шәарҭоуп

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕжегодная большая пресс-конференция президента РФ В. Путина
Ежегодная большая пресс-конференция президента РФ В. Путина - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков Қарҭ Владимир Познер инеира иацыз аҿагыларақәа ахҳәаа аиҭеит.

АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков дақәыӡбеит аҿагыларатә акциа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рхымҩаԥгашьа, даргьы екстремист милаҭеилыхыҩцәоуп ҳәа рхиҳәааит.

Убри аан иазгәеиҭеит Москва ари ахҭыс хаҭала ажурналист изырхоуп ҳәа ишамԥхьаӡо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Премьера фильма Подольские курсанты - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Познер уаанӡа Аԥсназы иҟаиҵахьаз ҳәамҭак иахҟьаны Қарҭ дықәырцеит

Песков урыстәылаа адырра риҭоит Қырҭтәыла дара рзы ишәарҭоу ҭыԥны ишыҟоу.

"Сара иааидкыланы урыстәылатәи атәылауаа рыӡбахә салацәажәоит. Уа иҟаз Познер имацара иакәмызт", — иҳәоит Кремль ахаҭарнак.

Иара убри аамҭазы Песков иазгәеиҭеит ахәшьарагьы аиҭеит Қырҭтәыла аԥыза-министр аҿагыларатә акциа мҩаԥызгаз дахрықәыӡбаз, Кремль урыстәылатәи атәылауаа ршәарҭадара еиҿызкааз аполициа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа ҭабуп ҳәа шазырҳәо.

Урыстәылатәи ажурналист Владимир Познер, мшаԥы 1 азы 87 шықәса ихыҵра Қарҭ иазгәеиҭарц иҩызцәа иманы днеит.

Ахашаҽны ақалақь аҿы амитинг аҿы еизаз Познер Қырҭтәыла акзаара азхеиҵом, ара дыҟамзароуп ҳәа иқәгылеит. Хаҭала иазааҭгылан Познер Аԥсны ахаангьы Қырҭтәыла иатәхом ҳәа иҟаиҵахьаз аҳәамҭа.

Аԥшьашаҽны Познер Урыстәылаҟа дхынҳәит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0