Шықәсык аҩныҵҟа Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәаа закәаншьаҭада ԥшьнызқьҩык ахысит

© Sputnik / Марианна Кубрава Граница по реке Ингур
Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада Константин Ԥлиа Аԥсны АШәМеи Урыстәыла АШәМеи рҳәаахьчаратә усбарҭақәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит.

АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. 2020 шықәса мшаԥымза аахыс Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿ закәаншьаҭада ԥшьнызқь еилагара аҭыԥ рыман ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа.

Ԥлиа иажәақәа рыла закәаншьаҭада аҳәаа иахысуа зегьы ахараԥса рықәырҵоит, аха абыргцәа ирацәажәоит, аҭагылазаашьа реилдыркаауеит.

Граница по реке Ингур  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2021
Аомбудсмен ахада иахь ааԥхьара ҟалҵеит Қырҭтәылеи Аԥсни рҳәааҿы аԥкырақәа рзы

Араион ахада ишиҳәо ала аушьҭыгақәа рыда, ирмарианы аҳәаа иахысыр алшоит Аԥсны инхо Қырҭтәыла атәылауаа: атәанчахәы зауа, аинвалидцәа, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа, зхала зыхшара зааӡо анацәа.

Аиԥылараҿы иалацәажәан аҳәаа ахысра дырмариарц аинвалидцәеи абыргцәеи мҩаԥызго ахаҿқәа рзы.

Аиԥылараҿ Урыстәыла аҳәаахьчаратә усбарҭа ахаҭарнакцәа алацәажәеит аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры" аҿы аԥснытәии урыстәылатәии аҳәаахьчаҩцәа русура зырманшәало атехникатә хархәага ҿыцқәа рыҟазаара атәы.

Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа аркуп хәажәкыра 14 раахыс акоронавирус алаҵәара ашәарҭаразы. Абри аамҭазы Аԥсны атәылауаа рзы изныкымкәа агуманитартә коридорқәа еиҿкаан.

Константин Ԥлиа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит аҳәааҿ уаанӡатәи аусуратә режим иазыхынҳәыр шалшо уа COVID-19 агәаҭаразы амедицинатә ҭыԥ еиҿкаахар. Ԥлиа иажәақәа рыла антиковидтә ԥҟарақәа ирықәныҟәаны аусура амҩаԥгара дақәшаҳаҭуп ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

Араион ахада иҳәеит асеиԥштәи аилацәажәарақәа ԥшьбарак ахь знык ишымҩаԥгахало.

Ажәабжьқәа зегьы
0