АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит адепутатцәа имаҷымкәа аԥшьгамҭақәа шрымаз, аха зегьы аԥсҭазаараҿ аларҵәара шзалымшаз, аиҳаракгьы рзинмчқәа ахькьаҿу азы.
Дмитри Маршьан инаҵшьны иазгәеиҭеит, аизара адепутатцәа аулафахәы шырмоуа, аԥыжәарақәагьы шрымам. Ақалақь ахада адырра имҭакәа, уи дақәшаҳаҭымкәа афинанстә ӡбарақәа рзин рымам. Уи иахырҟьаны иҟоуп аҭагылазаашьақәа дара рхатәы биуџьет ахархәара анарҭо.
"Аусура аамҭа рацәеи аџьа хьанҭеи зҭаху акоуп. Аха ауаҩы иаамҭа зегьы иара изақәырӡуам, зегьы ҭыԥк-ҭыԥк рҿы аус аауеит. Сгәаанагарала адепутатцәа ари аус мацара иадҳәаланы иҟазароуп. Насоуп рылшарақәа анеиҳахо", - иҳәеит иара.
Адепутат Инна Кәарҷиаԥҳа лгәаанагарала адепутатцәа дасу рокругқәа рҿы абиуџьеттә лимит рымазароуп, еиҳа оперативла ауааԥсыра рҭахрақәа ирызхьаԥшларц азы. Макьаназы азакәан аҿы ари аҩыза аҭагылазаашьа арбам.
Аизара ахантәаҩы ахҳәаа аиҭеит адепутатцәа рхыԥхьаӡара 26 –ҩык рҟынтәи 19-ҩык рҟынӡа аларҟәра.
"Иҟоуп аокругқәа 800-ҩык алхыҩцәа ахьыҟоу, иҟоуп 200-ҩык ахьыҟоу. Ҳара иаҳҭахуп аиҟарара ыҟазарц. Уи адагьы адепутатцәа рхыԥхьаӡара анкьаҿхалак аконкуренциа еиҳа еиҳахоит", - иҳәоит иара.
Асҭамур Қәҭарба уи дақәшаҳаҭым. Иара игәаанагарала аокруг аҿы алхыҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит, адепутат аус здиуло аресурсқәа шыҟац иаанхоит ҳәа ишьоит иара.
Абрифинг хыркәшо адепутатцәа акандидатцәа ақәҿиарақәа рзеиӷьаршьеит. Убри аан ирҳәеит аӡәгьы ҿыц кандидатс ихы шықәимыргылаз, аус рымчи раамҭеи рацәаны ишаго. Дмитри Маршьан иазгәеиҭеит адепутат ишықәс акәымкәа хадара злоу акы аԥсахра аҭахреи аԥышәеи роуп.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара VII ааԥхьарахь адепутатцәа ралхра мҩаԥысуеит мшаԥы 11 рзы.