АҞӘА, мшаԥы 6– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ацәыргақәҵа "Ақалақь архитектура. Апроектқәа. Аидеиақәа. Аԥеиԥшқәа" аартра мҩаԥысит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.
Ацәыргақәҵахь инаган иҟоу аҭоурыхтә обиектқәа, ақалақьтә ргыларақәа, абаҟақәа реновациа иазку Аԥсны архитекторцәа русумҭақәа. Ҿыц ари амҩа ианылази аԥышәа змоуи архитекторцәа "рфантазиақәа" ӡырыргеит – идуум адәнытә каҳуажәырҭақәа инадыркны ҳаамҭазтәи аҟазара Амузеи апроект аҟынӡа, аҭауад Чачба иаҳҭынра аиҭашьақәыргылара инаркны Ацҳа ҟаԥшь аҿы зыргылара иаҿу ахәаахәҭратә центр аҟынӡа.
Аландшафттә дизаинер Наала Мирзоиан ацәыргақәҵахь иаалгеит Гагра, апринц Ольденбургски ихьӡ зху апарк арԥшӡара аконцепциа. Лара лажәақәа рыла апроект ахықәкы – апарк Аԥсны аҭаларҭа гәашә алхроуп. Мирзоиан лгәаанагарала апарк аԥсшьарҭа ҭыԥқәа, амаланыҟәамҩа, аныҳәақәа рзы асцена, амҩахәасҭа ҿыцқәа, аӡҭачқәа рыкәша-мыкәша аԥсшьарҭа ҭыԥқәа, амшын аҟәарахьы албаарҭа, алашара рыла еиқәшәазароуп.
"Ихадоу апринцип – иахьазы иҟоу ашәаԥыџьаԥ еиқәырханы ҳаамҭа иақәшәо апарк аиҿкаароуп. Апарк алшамҭақәа рацәоуп. Аидеиа хада – апарк иҭалаз имш зегь уа ахгара игәарԥхароуп", - лҳәоит лара.
Ацәыргақәҵа акураторцәа ируаӡәку Баҭал Кобахьиа иазгәеиҭеит арахь иаагоу апроектқәа ажәытәи аҿатәи реиныршәара шазыԥхьагәарҭо.
"Акультуратә ҭынха иактуалу проблемахеит, избанзар иахьа иуадаҩуп есыҽны зҽеиҭазкуа ақалақь аҿы иара аиқәырхара", - иҳәеит иара.
Аиҿкаара "Ҳара ҳақалақь" алахәыла Инна Барчанԥҳа иазгәалҭеит ацәыргақәҵа ишалшо Аԥсны ақалақьқәа ирымоу алшара аарԥшра.
"Ақалақь – ари ахыбрақәеи амҩадуқәеи рымацара ракәӡам. Ақалақь – ари иаланхо ауааԥсыра роуп. Убри азы акраанагоны иҟоуп шәгәаанагара", -лҳәеит лара аҭааҩцәа рахь лхы нарханы.
Ацәыргақәҵа аартуп мшаԥы 9 рҟынӡа.