АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 228-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 24-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 38-ҩык, урҭ рахьтә 29-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп жәҩык, ибжьаратәуп - 20-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 34-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит жәҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - аӡәы.
Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкычымазара рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>